Владикавказ атерактқәа ирылахәыз Аслан Иандиев Словакиантә Урыстәылаҟа дрыҭоуп

© Фото : ФСБ РоссииЭкстрадация Аслана Яндиева из Словении
Экстрадация Аслана Яндиева из Словении - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2007 шықәса рзы Нхыҵ Уаԥстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Шамиль Басаев ицыз ацәгьоуцәа рус аӡбеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 —Sputnik. Шамиль Басаев игәыԥ иалаз Аслан Иандиев Словакиантәи Урыстәылаҟа дрыҭоуп. Иара даанкылан 2006 шықәсазы Владикавказ атерактқәа мҩаԥигеит ҳәа ахара идҵаны. Иандиев Братиславантәи Москваҟа ҳаирплан ҷыдала диагоуп ԥхынгәы 17 рзы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа иазырыԥхьаӡоит 2006 шықәсазы Владикавказ атерактқәа мҩаԥигеит ҳәа. Усҟан иҭахеит хҩык ауаа, жәаҩыла ахәрақәа еиуеиԥшымкәа ироуит. Иара убри ашықәс азы Москва, Пушкин ихьӡ зху асквер аҟны аԥжәара ҟалеит. Аӡәгьы ԥырхага имоуит.

Нхыҵ Уаԥстәыла Аслан Иандиев хә-шьауск рганахь ала ахара ихараҵоуп. Арахь иаҵанакуеит ақәылара, ауаҩшьра, атеррористтә акт амҩаԥгареи аиҿкаареи, абџьар закәаншьаҭада амазаара.

Иандиев Словакиа даанкылан 2011 шықәсазы. Уиижьҭеи иара Урыстәылатәи аган рыҭара азҵаара иалацәажәон.

Ажәабжьқәа зегьы
0