Британиатәи "Голос" аҿы Урыстәылатәи аҷкәын зегь иршанхеит

Анапаҵаҩра
Британиатәи "Голос. Дети" аҩбатәи асезон аҿы Урыстәылатәи аҷкәын зегь иршанхеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Иарослав Пуччини иопера "Турандот" ацыԥҵәаха неигӡеит. Ашоу "Голос.Дети" ажиури алахәылацәа зегьы иара иахь ихьеирԥшит ҳәа аанацҳауеит апортал "360tv".
 11-шықәса зхыҵуа Иарослав иахь зегь раԥхьа днаҳәит арепер will.i.am, агәыԥ The Black Eyed Peas аиҿкааҩцәа ируаӡәку.

 Уи ишьҭахь ихьаԥшит ашәаҳәаҩ Пикси Лотти амузыкант Денни Джонси.

 Амузыкант will.i.am Иарослав ажәа ииҭеит иаԥхьаҟа дышицхраауа азы.

 Ашоу афиналбжаҿы иқәгылараны иҟоуп ԥшьҩык ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа. Урҭ дрылахәуп Иарославгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0