Џьубгеи Шәачеи еимаздо амҩа ҿыц алгара азгәаҭоуп

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобильная развязка в Сочи
Автомобильная развязка в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҩа ҿыц аиланхарҭақәа ирхыкәыршаны илгахоит.

АҞӘА, нанҳәа 1 — Sputnik. Амҩаду Џьубга-Шәача апроект аус адырулеит Росавтодором аҿы. Иара зыда ԥсыхәа ыҟам проектуп иҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Массовое ДТП остановило движение на трассе Джубга-Сочи - Sputnik Аҧсны
Џьубга-Шәача амҩаду аҿы амҩатә машәыр ӷәӷәа ҟалеит

"Асеиԥш иҟоу амҩа аҟаҵара изныкымкәа афедералтә ҩаӡараҿ ишьҭаҳххьан. Краснодартәи атәылаҿацә азы уи акраҵанакуеит. Уажәы аԥшьгамҭа аҭҵаара иаҿуп. Апроект зыхә дуу проектуп,  аха акурорттә сезон аан даара ихәарҭахоит", — иҳәеит Кондратиев.

Апроект ԥшь-етапкны еихшахоит: Тҟәаԥс иахыкәшо ахәҭа иартәоит 199 миллиард мааҭ, Шәача иахыкәшо ахәҭа — 180 миллиард мааҭ, Лазаревское иахыкәшо — 130 миллиард мааҭ, иара убасгьы аидҳәалагатә хәҭақәа рыхәԥса иартәоит 700-800 миллиард мааҭ.

Апроект нагӡахар, Џьубгантә Шәачанӡа сааҭк ала унеиуеит.

Росавтодор иазыԥхьагәанаҭоит 2019 шықәсазы аусурақәа рхацыркра иҳәеит Росавтодор ахада ихаҭыԥуаҩ Игорь Астахов.

Ажәабжьқәа зегьы
0