Евроеидгыла иаԥнахуеит Иран иаҿагыло асанкциақәа

© Fotolia / Grecaud PaulФлаги Евросоюза перед зданием Еврокомиссии в Брюсселе
Флаги Евросоюза перед зданием Еврокомиссии в Брюсселе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дональд Трамп иазгәеиҭахьан Тегеран аганахь ала уаанӡа иаԥҵаз асанкциақәа зегьы шеиҭашьақәыргылахо.

АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik. Лаҵарамза алагамҭаз Америка апрезидент Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Вашингтон аиадертә программазы Ирани иареи реиқәшаҳаҭра ишалҵуа. Иара иазгәеиҭеит абри ашьҭахь Тегеран аганахь ала уаанӡа иаԥҵаз асанкциақәа зегьы шеиҭашьақәыргылахо.

Рабочая поездка заместителя председателя правительства РФ Д.Рогозина в Иран - Sputnik Аҧсны
Иран Еиду Америкатә Штатқәа ирзашшит

Ари иаанаго аблокада ҟазҵо астатут аиҭашьақәыргылароуп. Аблокада ҟазҵо астатут Ирани Евроеидгылеи риадертә еилаӡараҿ Евроеидгыла иҟанаҵо адгылароуп.

Еиҭарҿыцу аблокада ҟазҵо астатаут азин ҟанаҵом Евроеидгыла арезидентцәеи аилахәырақәеи аилаӡара ралҵара. Аха ҭагылазаашьақәак раан Еврокомиссиа уи азин ҟанаҵоит.

Арҭ аԥҟаррақәа иара убасгьы иаԥыххар ҟалоит Евроеидгыла иахьаҵанакуа.

Астатут иалнаршоит Евроеидгыла арезидентцәеи аилахәырақәеи аӡбарҭа ала асеиԥш иҟоу асанкциақәа ирыхҟьаз ахарџьқәа иара асанкциақәа алазгалаз рҟынтәи раиура.

Ажәабжьқәа зегьы
0