"Оскар" аноминациа ҿыцқәа алагалахоит

© flickr.com / lincolnbluesОскар
Оскар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америкатәи акиноакадемиа алахәылацәа ргәаанагарала аҿыцрақәа аԥхьахәгьы академиагьы рреитинг шьҭырхуеит.

АҞӘА, нанҳәа 9 — Sputnik. Америкатәи акиноакадемиа, "Оскар" аиҿкааҩцәа аноминациа ҿыц "Лучший популярный фильм" аларгалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Акатегориа ҿыц алаагалоит еиҳа "ирылаҵәоу акино" азы", — ҳәа иҩуеит акиноакадемиа анапхгаҩы.

Акатегориа ҿыц еиԥш егьырҭ аиҭакрақәагьы ҟалоит. Уажәшьҭарнахыс азхьаԥшра маҷны изауз акатегориақәа ателехәаԥшрахьы инарышьҭуам. Уи адагьы 92-тәи аԥхьахәҭаратә церемониа мҩаԥысраны иҟоуп уаанӡа ишрылаҳәаз ала жәабран 23 2020 шықәса рзы акәымкәа жәабран 9 рзы егьырҭ акиноԥхьахәқәа раԥыгаразы.

91-тәи ацеремониа арыцхә еиҭакымкәа иаанхоит. Иара мҩаԥысуеит Лос-Анджелес, атеатр Dolby аҿы, жәабран 23 2019 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0