Путини Ким Чен Ыни еиԥылар алшоит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин. Архивное фото
Президент РФ В. Путин. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Путини Ким Чен Ыни реиԥылара мҩаԥысыр алшоит Мрагыларатәи аекономикатә форум аҟны.

АҞӘА, нанҳәа 15 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин КНДР Ахада Ким Чен Ын изишьҭыз ашәҟәаҿы иазгәеиҭеит асеиԥш аиԥылара аҭыԥ аиур шалшо. Путин иазгәеиҭеит ҩ-ганктәи аиҿцәажәара ахәҭаны ишибоуи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа аҿиара рыҭатәны дшахәаԥшуеи. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Здание Белого Дома в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
Америкаа Аҩадатәи Кореиа аганахь ала асанкциақәа ааныркылоит

"Сара сазыхиоуп шәԥылара, высшьа змам азҵаарақәа рылацәажәара. Агәра згоит Урыстәыла, КНДР, Ареспублика Кореиа наҟ-ааҟ еицаҳзыфеидоу аизыҟазаашьақәа рырҿиара шалҳаршо", — ҳәа аҳәоит ашәҟәаҿы.

Аиԥылара атәы далацәажәеит Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

"Асеиԥш азыԥхьагәаҭара аҭыԥ амоуп аха макьаназы аиԥылара шымҩаԥгахо азы Пхенианынтәи дырра ҳмоуц", — иҳәеит Песков.

Рашәара 1 азы, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аҩадатәи Кореиа иҟазаараан иалацәажәан аҩ-тәылак рхадацәа реиқәшәара хра аманы ишыҟоу.

Аԥшьбатәи Мрагыларатәи аекономикатә форум мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 11-13 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0