Британиатәи аҳаирпланқәа урыстәылатәи аҳаирпланқәа мҩаԥыргон

© Sputnik / Алексей ВитвицкийИстребители F16 и Eurofighter Typhoon
Истребители F16  и Eurofighter Typhoon - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Британиа аҳаиртә мчрақәа аҳәамҭа ҟарҵеит урыстәылатәи аҳаирпланқәа Су-24 НАТО аҵакыра рҽадырхалеит ҳәа. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҿы уи ҵара-ҽазыҟаҵаратә уснагӡатәын ҳәа ахырҳәааит.

АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. Амшын Еиқәа аҳауатә ҵакыраҿы британиатәи аибашьыгатә ҳаирплан Eurofighter Typhoon урыстәылатәи аҳаирпланқәа Су-24 мҩаԥыргон ҳәа аанацҳаит РИА Новости.

Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, ашәахьаҽны аибашьыгатә ҳаирплан Румыниа иҟоу абазаҟынтә аҳауахь ихалеит урыстәылатәи аҳаирпланқәа фба НАТО аҵакыра рҽадырхалеит ҳәа иахьырыԥхьаӡаз.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҿы ирҳәеит аҳаирпланқәа аплантә ԥыррақәа мҩаԥыргон Амшын Еиқәа акваториаҿы, урҭ рыбжьара Су-24 зынӡа иҟаӡамызт ҳәа.

Иара убасгьы иазгәарҭеит амшынтә авиациа аԥыррақәа жәларбжьаратәи аԥҟаррақәа ирықәшәо имҩаԥысуеит ҳәа.

Британиа ду рҳаирпланқәа изныкымкәа шьдырҭԥраахьеит урыстәылатәи аҳаирпланқәа рымҩаԥызаразы. Убас, ԥхынгәы анҵәамҭазы Typhoon Су-24 мҩаԥнагон, лаҵарамзазы Ил-20 мҩаԥнагон.

Ажәабжьқәа зегьы
0