Иреиӷьу асмартфон ахьӡ рҳәеит

Анапаҵаҩра
Ассоциациа EISA еиднакылоит 50 рҟынӡа иҷыдоу аудио-и авидеотехникеи ҭзыжьуа аиҿкаарақәа. Есышықәса EISA Awards аԥхьахә рырҭоит ихьыԥшым аекспертцәа ралкаарала.

АҞӘА, нанҳәа 17— Sputnik. Аудио-и авидеотехникеи рзы ажурналқәа Европатәи аассоциациа (EISA) иреиӷьу асмартфон ҳәа ахьӡ рҳәеит Huawei P20 Pro. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аекспертцәа ражәақәа рыла иара иахьазы зегь реиҳа атехникала еиҿкаауп.

Аиҿкаара ахаҭарнакцәа иара убасгьы иалырхит еиҳа ибиуџьеттәу ателефон амодель. Уи NOA Element N10 акәхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0