Мраҭашәараҿ Ҟрым урыстәылатәны иахәаԥшуа иалагеит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на Крым
Вид на Крым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟрым Урыстәыла иадлеит 2014 шықәсазтәи ареферендум ашьҭахь. Ареферендум аҿы 96,77% Ҟрым ауааԥсыреи 95,6% Севастополь ауааԥсыреи Ҟрым Урыстәылатәи Афедерациа иалаларц рыбжьы рҭиит.

АҞӘА, нанҳәа 17— Sputnik. Еиҳа-еиҳа иласны Ҟрым Урыстәыла иаҵакырадгьылуп ҳәа азгәарҭо иалагеит иҳәеит ҟрымтәи апарламент адепутат Иури Гемпель.

"Мраҭашәараҿ иара азхаҵара апроцесс ирццакымзаргьы амҩа иқәуп. Еиҳа-еиҳа иласны Ҟрым Урыстәыла иаҵакырадгьылуп ҳәа азгәарҭо иалагеит. Ари иахәеит жәлар рдипломатцәа, адгьылбжьахаҿ иҟоу аҭагылазаашьа аартны иахьырҳәо. Иахьакә уаҵәакә Ҟрым зегьы иазхарҵоит Урыстәыла иахәҭакны", — иҳәеит иара.

Гемпель иазгәеиҭеит аҳәаанырцәтәи аделегациақәа лассы-лассы Ҟрым иаҭаауа ишалагаз. Урҭ иҟоу абара адагьы аинвестициақәа рызҵаарақәа рылацәажәара иазыхиоуп.

Уаанӡа германиатәи ателеканал 3Sat аефир аҿы ицәырнагаз ахсаалаҿ Ҟрым Урыстәыла иахәҭакны иарбан.

Ателеканал 3Sat Германиа, Австриа, Швеицариа аус ауеит.

Ҟрым Урыстәыла иадлеит 2014 шықәсазтәи ареферендум ашьҭахь. Ареферендум аҿы 96,77% Ҟрым ауааԥсыреи 95,6% Севастополь ауааԥсыреи Ҟрым Урыстәылатәи Афедерациа иалаларц рыбжьы рҭиит.

Ажәабжьқәа зегьы
0