Москва ақалақь агәҭа ихысуаз ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Евгения Новоженина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНеизвестный открыл огонь по полицейским в центре Москвы
Неизвестный открыл огонь по полицейским в центре Москвы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва агәҭа идырымыз ауаҩ адипломатиатә хаҭарнакрақәа зыхьчоз аполициа аусзуҩцәа дрылахысит. Азинхьчаратә органқәа уи аҭакс ахысра иалагеит, ацәгьоуҩгьы дырхәит.

АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik. Москва агәҭа идырым ауаҩ адипломатиатә хаҭарнакрақәа зыхьчоз аполициа аусзуҩцәа дрылахысит. Аполициа аусзуҩцәа аӡәы дихәит. Азинхьчаратә органқәа уи аҭакс ахысра иалагеит. Аиҿахысраан иара ихаҭагьы ааха иоуит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аамҭақәак рышьҭахь ацәгьауҩы ихаҭара шьақәдыргылеит.

Автомобиль полиции на улице Москвы. - Sputnik Аҧсны
Москва агәҭа ихысуаз ихаҭара шьақәдыргылеит

"Ахысра ҟазҵаз Ҟабарда-Балкариа датәылауаҩуп. 31-шықәса ихыҵуеит. Ииуз амзыз аҭҵаара иаҿуп", — рҳәеит азинхьчаратә органқәа рҿы.

"Сивцев Вражек имҩаду, 43-тәи аҩны аҿаԥхьа идырым ахаҿы ишьақәыргылам абџьар ихы иархәаны адипломатиатә хаҭарнакрақәа зыхьчоз аполициа аусзууҩцәа дрылахысит. Аполициа аусзуҩцәа руаӡәк дхәуп", — ҳәа аҳәон РИА Новости уаанӡа иҟанаҵахьаз адырраҭараҿы.

Иара убасгьы иазгәаҭан аполициа аусзуҩцәа уи аҭакс атабелтә бџьар ала ахысра ишалагаз. Ажәылара зуыз ауаҩы дхәын. Ахҭыс ахьыҟалаз 500 метра инацәхыкны Филиппины ацҳаражәҳәарҭа гылоуп.

Ацәгьоуҩы ахәышәтәырҭахь днаган. Уа иара иԥсҭазаара далҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0