Аштат Алабама МcDonald's аҿы ахысрақәа ҟалеит

© AFP 2023 / Brendan SmialowskiОграничительная лента
Ограничительная лента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акрыфарҭаҿ иҟаз ауаа рылахысра далагеит иқәыԥшу ахаҵа. Иара уажәгьы даанкылам.

АҞӘА, цәыббра 10 — Sputnik. Аштат Алабама, Обернтәи ауниверситет ааигәара МcDonald's аҿы ахысрақәа ҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ателеканал Fox News адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ателеканал адыррақәа рыла аполициа адырра роуит асааҭ 2:30 рзы. Дара аннеи аҭыԥ аҿы ирбеит иҭахаз аӡәи ихәыз ԥышьҩыки. Урҭ рыбжьара дыҟан 16-шықәса зхыҵуаз ақәыԥш. дара ахәышәтәырҭахь инагоуп.

​"Иҳауз адыррақәа рыла ахысра ҟалаанӡа аисра аҭыԥ аман", — рҳәеит аполициа рҿы.

Азинхьчаратә органқәа ишырҳәо ала ихысуаз макьаназ даанкылам.

Ажәабжьқәа зегьы
0