Кабул ҭынчымҩала аталибцәа рацәажәара агәҭакуп

© AFP 2023 / Hoshang Hashimi70-летний разводчик голубей Абдул Гани кормит питомцев на крыше своего дома в афганском городе Герат
70-летний разводчик голубей Абдул Гани кормит питомцев на крыше своего дома в афганском городе Герат - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҿкаара Талибан анапхгаҩцәа руаӡәк, адәынтәи акомандир Шир Ага уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Афганистан аиҳабыратә мчқәеи дареи ҭынчмҩала реиҿцәажәара даара ишьахәу акоуп ҳәа шахиҳәаауа.

АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Аофициалтә Кабул азыхиоуп аиҿкаара "Талибан" ишиашоу аҿцәажәара, уи азы иарбанызаалак ԥкырак ҟамҵакәа, аус зуа Афганистан аконституциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит ИАР атәылақәа рзы Афганистан ахада ихаҭарнак ҷыда и хаҭыԥуаҩ Мухаммад Ибрагим Тамил.

"Афгантәи анапхгара изныкымкәа аҳәамҭа ҟарҵахьеит адиалог ишазыхиоу азы. Ҳара иаҳҭахуп аиҿцәажәарақәа атәыла Аконституциа аҳәаақәа ирҭымҵуазарц. Иарбанызаалак аиԥыларақәа ҳарзыхиоуп" — иҳәеит иара.

Афганистантәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы "московатәи аформат" ала аиԥылара мҩаԥысраны иҟан цәыббра 4 рзы аха Кабул иҟанаҵаз аҳәарала иахыган. Уажәазы имҩаԥысуеит аусурақәа уи аиԥылара арыцхәқәа рганахь ала. Уаанӡа Афганистан азы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Замир Кабулов иҳәахьан арыцхәқәа рышьақәыргыларазы аиԥылара азыԥхьагәаҭоуп цәыббра 20 рзы ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0