Скрипаль агәра игом урыстәылаа ашҳам ирҭеит ҳәа

© AFP 2023 / Ben StansallВо время следственных мероприятий, связанных с отравлением бывшего полковника ГРУ Сергея Скрипаля
Во время следственных мероприятий, связанных с отравлением бывшего полковника ГРУ Сергея Скрипаля - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Британиа иҭыҵыз ашәҟәы аҟны иҳәоуп Скрипаль Ҟрыми Урыстәылеи реидылара адгылара аиҭеит ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 2— Sputnik. ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипаль агәра игом урыстәылаа ашҳам ирҭеит ҳәа аҳәоит РИА Новости агазеҭ The Guardian ажурналист Марк Урбан иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Британские эксперты в Солсбери рядом с местом, где был найден Сергей Скрипаль и его дочь - Sputnik Аҧсны
"Скрипальраа рус аҿы" ахаҿ ҿыцқәа рыӡбахә цәырыргеит

Арепортиор ҷыдала диҿцәажәеит ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипаль, ашәҟәы "Дело Скрипаля" аус анадиулоз.

Ажурналист иазгәеиҭеит Скрипаль Солсбери аҭыԥ змаз ахҭыс аҟынӡа еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы Кремль апозициа дшадгылоз. Аиҳаракгьы иара Ҟрыми Урыстәылеи реидылара адгылара аиҭон.

Сергеи Скрипали иара иԥҳа Иулиеи ашҳамхәшәы рыҭан хәажәкыра 4 рзы, Солсбери. Лондон ахара Урыстәыла иаднаҵеит.

Москва изныкымкәа ажәалагала ҟанаҵеит аҭҵаарақәа ирылахәхарц аха уи зхьаԥшра аҭамызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0