Путин инапы аҵаиҩит атәанчаратә закәанԥҵара аиҭакрақәа рзы азакәан

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПокупка населением продовольственных товаров
Покупка населением продовольственных товаров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Путин иқәгылараҿы иазгәеиҭахьан атәанчаратә системахь аиҭакрақәа ирхықәкы хадоу атәанчаратә система ашьақәыртәароуп ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит атәанчаратә закәан аиҭакрақәа. Уаанӡа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думаҿ апроек ахԥатәи аԥхьарала атәанчаратә системахь Владимир Путин ириашарақәа рыдыркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Уи аԥхьа аԥсахрақәа ирылацәажәахьан аҩбатәи аԥхьараан.

Пенсионное удостоверение - Sputnik Аҧсны
Атәанчаратә ԥсахрақәа рзы Азакәан ахԥатәи аԥхьарала ирыдыркылеит

Цәыббра 27 рзы Афедерациа ахеилак аҟны аԥсахрақәа рзы рыбжьы рҭиит 332 депутат, уи мап ацәыркит 83-ҩык адепутатцәа.

Атәыла ахада апроект ахь ариашарақәа жәба алеигалеит. Иара убасгьы анапы аҵаҩын 2019 шықәса рзы акоррупционерцәа ирымырхуа аԥара Урыстәыла атәанчахәытә Фонд ахь анашьҭразы азакәан.

Азакәан аус адулараани ахәаԥшраани адепутатцәа ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит "Единая Россия" ажәалагалақәа: аус зымуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы аиндексациа азуразы.

Ԥхынгәымзазы Аҳәынҭқарратә дуамҿ актәи аԥхьарала ирыдыркылеит аиҳабыратә закәан апроект. Иара инақәыршәаны атәанчарахьы ицо рышықәс иацҵахон: ахацәа рзы – 65 шықәса, аҳәса рзы – 63 шықәса.

Аха нанҳәа анҵәамҭазы Владимир Путин арҭ аӡбрақәа реиҭакразы ажәалагала ҟаиҵеит.

Путин иажәақәа рыла, аҳәса ртәанчаратә шықәса 60 еиҳамзароуп, иара убасгьы ахшара рацәа змоу анацәа заанаҵы атәанчара рцара еиҿкаатәуп. Уи адагьы атәанчаратә шықәс аламҭалаз ауаа аусура рамхраз административтә ҭакԥхықәра иаҵаргылатәуп аусураҭаҩцәа.

Афедерациа Ахеилак атәанчаратә закәанԥҵара ариашарақәа ирыхәаԥшраны иҟоуп иааиуа реилатәараан, жьҭаара 3 рзы.

Аԥыза-министр Дмитри Медведев иазгәеиҭеит ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа иахадыршәало аԥара атәанчахәы аизырҳара иазырхахоит ҳәа.

"Ҽааны, ажьырныҳәа 1 инаркны атәанчахәы есышықәса зқьы-зықь мааҭ ацҵахоит. Убас, 2024 шықәса рзы атәанчахәы 20 000 мааҭ рҟынӡа ихалоит", — иҳәеит иара.

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думаҿ апроек ахԥатәи аԥхьарала атәанчаратә системахь Владимир Путин ириашарақәа рыдыркылеит. Абри ашьҭахь Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит атәанчаратә закәан аиҭакрақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0