Америка хадара зызнауа акоалициа ИГ алахәылацәа Шьамтәыла иалыргоит

© AFP 2023 / Delil SouleimanВертолет международной коалиции
Вертолет международной коалиции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоалициа авертолиотқәа ақыҭа аш-Шаафа аҟынтәи атеррористцәа ралгара иаҿуп.

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik. Америкатәи аштатқәа зхадараҿы иҟоу акоалициа ИГ (Аисмлам ҳәынҭқарра) алахәылацәа Шьамтәыла иалыргоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура SANА адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Амаҵзура SANА адыррақәа рыла, Деир-ез-Зора иацәыхарамкәа акоалициа авертолиотқәа ақыҭа аш-Шаафа аҟынтәи  атеррористцәа ралгара иаҿуп.

Уаанӡатәи SANA адыррақәа рыла, акоалициа ақыҭа аль-Мурашида аҿы адесант ртәаны "Исламское государство" анапхгара алыргеит.

2014 шықәса раахыс Америкеи дара рыдгылаҩцәеи Ираки Шьамтәылеи рҟны Шьамтәыла анапхгара рақәшаҳаҭрада аоперациақәа мҩаԥыргоит атеррористцәа ирҿагыланы.

2015 шықәса раахыс Урыстәыла антитеррористтә операциақәа мҩаԥнагоит атәыла анапхгара рыҳәарала.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0