Аекономиказы Нобель иаԥхьахә зауз рыларҳәеит

© Fotolia / peshkovГрафик
График - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нобель иаԥхьахә зауа алауреатцәа рҳамҭаҭара мҩаԥысуеит традициак аҳасаб ала абҵара 10 рзы, Альфред Нобель (1833-1896) иԥсраҽны.

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik. 2018 шықәсазы аекономика аганахь ала Нобель иаԥхьахә роуит: Вилиам Нордхауси Поль Ромери ҳәа аанацҳауеит швециатәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҳәоит РИА Новости адыррақәа.

Медаль, вручаемая лауреату Нобелевской премии - Sputnik Аҧсны
2018 шықәсазы химиаз Нобель иаԥхьахә занашьо рыхьӡ рҳәеит

Нордхаус далкаауп аҳауа аԥсахра аинтеграциа амакраекономикатә анализ азы, Ромер – атехнологиатә инновациақәа рмакроекономикатә анализ азы.

Традициак аҳасабала ишышьақәгылоу еиԥш, Нобель иаԥхьахә алауреатцәа аԥхьахә рыҭара ацеремониа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 10 рзы, иара ашьаҭаркыҩ, швециатәи анаплакҩы Альфред Нобель (1833-1896) иԥсраҽны.

Нобель ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба рҟынтәи ԥшьба Стокгольм ирырҭоит. Аҭынчраз аԥхьахә заҭәашьоу Осло ирырҭоит.

2018 шықәсазы аԥхьахәқәа идыртәоит хаз-хазы 9-9 миллион швециатә крон (940 000 доллар).

Ажәабжьқәа зегьы
0