Шәачатәи асасааирҭа зхатәыз ахара ихахьы игеит

© Sputnik / Екатерина Лызлова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСочи затопило из-за проливных дождей
Сочи затопило из-за проливных дождей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лазаревск ақәаршыҩқәа анлеиуаз аамҭазы быжьшықәса зхыҵуаз ахәыҷы аӡцарҭа дҭаҳаит. Нанҳәа 3 рзы иара иԥсыбаҩ амшын иамырхит.

АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik. Лазаревсктәи асасааирҭа аԥшәма иҟалаз ахҭыс ихахьы игеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә Ашьаусҭҵааратә еилакы асаит.

Ахәыҷы иандуи иареи асасааирҭаҿы рыԥсы ршьон. 2018 шықәса нанҳәа 3 рзы ақәаршыҩқәа анлеиуаз аамҭазы ахәыҷы аканализациатә ӡцарҭа дҭаҳаит. Нанҳәа 3 рзы иара иԥсыбаҩ амшын иамырхит.

"Ашьаусҭҵааҩцәа ишышьақәдыргылаз ала аргыларатә закәанқәа еилаганы асасааирҭа аԥшәма асасааирҭатә ҩны ахь анеира еиҳа иманшәалахарц аканализациатә ӡцарҭа абетонтә плита ықәиҵеит, убри аан иарбанызаалак маакырк амҭакәа", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ахаҵа идырҵаз ахара дақәшаҳаҭхеит, ахарагьы ихы иадиҵеит. Ашьаусҭҵаара мҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0