Кисилев: ЕАШ "ажәа ахақәиҭра" атәы ргәаларшәаны Вышински идгылароуп

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраIV Восточный экономический форум. День второй
IV Восточный экономический форум. День второй - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вышински идгылара иазырхаз акциа мҩаԥган Зубовтәи абульвар аҿы, Москва.

АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik. МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев Еиду аштатқәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәыла Аконституциа актәи ариашара иазхьаԥшны апортал "РИА Новости Украина" анапхгаҩы Кирилл Вышински ихьчара игыларц. Кирилл Вышенски 150 мшы дрықәуп Киев адҵала даанкылоижьҭеи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Рассмотрение апелляции по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Москалькова Вышински иус азы: оумашәа иубаша ҭагылазаашьоуп

"Сара америкатәи сколлегацәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит атәыла Аконституциа актәи ариашара иазхьаԥшны апортал "РИА Новости Украина" анапхгаҩы Кирилл Вышински ихьчара игыларц. Киев усгьы иззыӡырыҩуа Вашингтон ауп. Дрыхьчаат ажурналист", — иҳәеит Киселев.

Вышински идгылара иазырхаз акциа мҩаԥган Зубовтәи абульвар аҿы, Москва. Жәаҩыла ауаа МИА "Россия сегодня" ахыбра ашҭахь инеиит. Дара рнапаҿы иркын Вышински ипатреҭ.

Вышински хәымзуп дҭакуижьҭеи. Иара иахь инарышьҭуам урыстәылатәи аконсултә усзуҩцәа, Украина датәылауаҩуп ҳәа аҿыӡга ҟаҵаны.

Лаҵара 15 рзы Украина ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа "РИА Новости Украина" аофис иақәлеит. Иара убри аҽны, ашьыжь даанкылан амаҵзура ажурналист Кирилл Вышински.

Украинатәи амчрақәа изныкымкәа урыстәылатәи ажурналистцәа русура аԥынгылақәа азырухьан, атәыла алалара азинҟамҵарагьы абрахь иналаҵаны.

Рассмотрение апелляции по делу журналиста Кирилла Вышинского - Sputnik Аҧсны
Киев азыхиоуп Вышински иԥсахра алацәажәара

2017 шықәса рзы РИА Новости ажурналист Захар Виноградови МИА "Россия сегодня" афотокорреспондент Рамиль Ситдикови Евровидение афинал ахь аккредитациа шрымазгьы рнеира азин ҟанамҵеит. 2015 шықәса хәажәкырамзазы Киев, урыстәылатәи АИХқәа 115 русураз аккредитациа мап ацәнакит.

Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа абри аганахь ала иҟаиҵахьеит, иара иажәақәа рыла Вышински ипрофессионалтә усуроуп дызхырҟьо.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Киев ахымҩаԥгашьа адкылашьа змам усуп ҳәа ахиҳәааит. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анотақәа ҩба нанашьҭхьеит АИХ ахаҭарнак иқәымчра ааныркыларазы.

Ахақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир иакәзар иҳәеит агәҭынчымра шизцәырырго РИА Новости Украина аиҳабы изныҟәашьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0