Амилаҭқәа Рлигаҿ урыстәылатәи ашьапылампыласратә команда аиааира агеит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФутбол. Лига наций УЕФА. Матч Россия - Турция
Футбол. Лига наций УЕФА. Матч Россия - Турция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ршьапылампылтә командақәа еиԥылеит Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз амилаҭқәа Рлига аиндаҭлараҿы.

АҞӘА, жьҭаара 15— Sputnik. Амилаҭқәа Рлигаҿ урыстәылатәи ашьапылампыласратә команда аиааира агеит. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ршьапылампылтә командақәа еиԥылеит Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз амилаҭқәа Рлига аиндаҭлараҿы ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт.

Агәыԥ В 2 алига ахәмарра мҩаԥысуан Шәача, астадион "Фишт" аҿы. Ахәмарра хыркәшахеит 2:0 ҳәа. Амба иҭадыршәит: Роман Ноиштедтер (20-тәи аминуҭ) Денис Черышев (78-тәи аминуҭ).

Акомандақәа раԥхьатәи реиԥылараангьы аиааира агеит урыстәылатәи акоманда (2:1).

Абҵара 20 рзы Урыстәылеи Швециеи ркомандақәа еицыхәмарраны иҟоуп Стокгольм.

Ажәабжьқәа зегьы
0