Башар Асад ианашьоуп "Иаамысҭашәоу ауаа рзы" абаҟа ахҩылаа

© Sputnik / Тарас Литвиненко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие памятника "Вежливым людям" в Крыму
Открытие памятника Вежливым людям в Крыму - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатә хәаахәҭреи рминистр Самир аль-Халиль зхадараҿы дыҟаз шьамтәылатәи аделегациа алахәын аԥшьбатәи Иалтатәи афорум.

АҞӘА, жьҭаара 16— Sputnik. Шьамтәыла рыҟазаараан Ҟрымтәи аделегациа алахәылацәа Шьамтәыла ахада Башар Асад ианаршьеит Ҟрым аԥсабара асахьақәеи, москватәи Кремль асахьеи, Симферополь игылоу "Иаамысҭашәоу ауаа рзы" абаҟа ахҩылаа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Ҟрым ахада Сергеи Аксенов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Ҳара, Ҟрымтәи аделегациа ахьӡала Шьамтәыла ахада Башар Асад ианаршьеит Ҟрым аԥсабара асахьақәеи, москватәи Кремль асахьеи, Симферополь игылоу абаҟа "Иаамысҭашәоу ауаа рзы" ақәҭыхи", — ҳәа иҳәоит РИА Новости аинтервиу азҭаз Аксенов.

Иара иажәаәқа рыла абаҟа "Иаамысҭашәоу ауаа рзы" ақәҭых Башар Асад ианашьара иаԥшьгамҭоуп аиҿцәажәарақәа рлахәыла Олег Белавенцев.

​Абаҟа "Иаамысҭашәоу ауаа рзы" Симферополь иргылоуп Ҟрым апарламент ахыбра ааигәара, 2014 шықәсазтәи ахҭысқәа иргәаларшәаганы.

Ашәахьаҽны официалтә ныҟәарыла Дамаскҟа инеиит Ҟрымтәи ареспублика аделегациа аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгарази аекономикатәии анаука-техникатәии усеицуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩрази.

Ажәабжьқәа зегьы
0