Украина аҳәаа еилазго урыстәылаа ашьаус рақәыршәаразы азакәан рыдыркылеит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пункт пропуска "Изварино" после обстрела
Пограничный пункт пропуска Изварино после обстрела - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәаа еилазго урыстәылаа ашьаустә ҭакԥхықәра рақәыршәаразы азакәан рыдыркыларц рыбжьы рҭиит 243-ҩык апарламентарицәа, 226-бжьы азхоны иахьыҟаз.

АҞӘА, жьҭаара 18— Sputnik. Украинатәи Рада закәандарыла аҳәаа еилазго "атәыла-агрессор" ауааԥсыра — урыстәылаа ашьаустә ҭакԥхықәра рақәыршәаразы азакәан апроект аднакылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Президент Украины Петр Порошенко - Sputnik Аҧсны
Украина ахада Урыстәылеи дареи реиҩызаразы Аиқәшаҳаҭра аусура ааникылеит

Украина ахада адокумент инапы анаҵаиҩлак ашьҭахь иара амчра аиурц азы аофициалтә прессаҿы икьыԥхьхароуп.

"Азакәан ҿыц иазыԥхьагәанаҭоит хышықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәдаатәра. Изныкымкәа аҳәаа еилазгаз ахаҿы ма ахаҿқәа 3-5 шықәса рықәҵахоит, абри аан абџьар ахархәара амазар – хәышықәса инаркны аашықәсанӡа ахақәиҭра иалыхәдаахоит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Адокуент ацҵаҿы иарбоуп ашьаус иаҵанакуа "Урыстәыла атәылауаа рымацара шракәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0