Еиду Америкатә штатқәа ирҭахуп Македониа НАТО иаларгаларц

CC BY 2.0 / Jason Ippolito / US CapitalЗдание Капитолия США в Вашингтоне
Здание Капитолия США в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америкеи Евроеидгылеи Македониа аҩныҵҟатәи аусқәа рыхрылагалара залшом ҳәа аԥхьаӡоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik. Еиду Америкатә штатқәа Македониатәи аоппозициа ирыҵарҳәоит атәыла НАТО алалара хацдыркырц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Рабочая поездка президента РФ В. Путина в Санкт-Петербург - Sputnik Аҧсны
Путин Европа афымцатә ресурсқәа Америка иахьамархәҳауа хыданыхраны ибоит

"Аоппозициатә депутатцәа "аҭоурыхтә лшара ду шәымоуп" ҳәа рыҵарҳәоит аокеаннырцәынтә, иҟарҵо алхрагьы ахәшьара ду шаиуа рарҳәоит. Убас, ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Уесс Митчелл македониатәи аоппозициа аԥхьагыла Х. Мицкоском изиҩыз ашәҟәаҿы ԥхашьарак ҟамҵаӡакәа ихы шымҩаԥигаша иеиҳәоит", — ҳәа аҳәоит аусбарҭа иҟанаҵо ахҳәаа.

Уаанӡа Европеи Евразиеи русқәа рзы ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Уесс Митчелл аҳәамҭа ҟаиҵахьан Македониа аоппозициатә партиа ВМРО-ДПМНЕ атәыла НАТО алалара алзыршоз ахьӡԥсахра иахьадымгылаз оумашәа ишибо.

ЕАШ Македониатәи аоппозициа ирыҵарҳәоит атәыла НАТО алалара хацдыркырц ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Ажәабжьқәа зегьы
0