"Ан-Нусреи" "Акаска шкәакәақәеи" Идлиб ааигәара ахимиатә бџьар еизыргоит

© AFP 2023 / Omar Haj KadourИдлиб. Сирия
Идлиб. Сирия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа шьамтәылатәи амаҵзура SANA иднарбахьан авидеоинсценировка, апровинциа Идлиб аҿы жәылара мҩаԥысуашәа.

АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Урыстәыла ахаҭарнакс ООН иҟоу Владимир Сафронков аҳәамҭа ҟаиҵеит Идлиб ааигәара ишазгәаҭаз "Ан-Нусреи" "Акаска шкәакәақәеи" реибашьцәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵрақәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Контрольно-пропускной пункт в городе Идлиб, Сирия - Sputnik Аҧсны
Идлиб агуманитартә коридор ибжьысуаз аҭынч уааԥсыра ириехсит

"Идлиб иҟоу абандиттә еиҿкаарақәа аиқәшаҳаҭра аилагара иаҟәыҵуам, ааигәа-сигәа иҟоу анхарҭа ҭыԥқәа ирылахысуеит", — иҳәоит адипломат.

Сафронков иҳәеит асеиԥш апровокациақәа ирҟәамҵыр, Урыстәыла атеррористцәа раԥыхразы Шьамтәыла адгылара шанаҭо.

"Адеискалациаз аиқәшаҳаҭра аԥхьа аамҭалатәи аҟазшьа аман. Иара убасгьы хықәкны иаман атеррористцәа рыҟазаара аԥыхра хыдҵаны ишамоу", — иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0