Урыстәыла Киев асанкциақәа рҭак ҟанаҵоит

© Sputnik / Екатерина Штукина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПремьер-министр РФ Д. Медведев. Архивное фото
Премьер-министр РФ Д. Медведев. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Киев асанкциақәа рҭак ҟанаҵоит аԥарақәа, хәы змоу ақьаадқәа, амазара рхархәара аанкылара аформалеи Урыстәылантәи акапитал алгара азин аҟамҵаралеи.

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Дмитри Медведев инапы рыҵеиҩит Киев асанкциақәа рҭактә уснагӡатәқәа ҳәа аанацҳаит РИА Новости.

Аԥкырақәа ирыҵаркраны иҟоуп 322 хатәхаҿи 68 иурист хаҿи. Асанкциақәа рҭак ҟанаҵахоит аԥарақәа, хәы змоу ақьаадқәа, амазара рхархәара аанкылара аформалеи Урыстәылантәи акапитал алгара азин аҟамҵаралеи.

Арахь иаҵакхар алшоит: Украина аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, Рада адепутатцәа, абизнесуаа, ачынуаа.

"Ақәҵара ҭак қәҵароуп", — ҳәа аҳәоит аминистрцәа реилазаара адырраҿы.

Президент США Дональд Трамп. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Урытәыла аганахьала асанкциа ҿыцқәа разырхиара иаҿуп

Ииасыз амчыбжь азы Владимир Путин инапы рыҵеиҩит жәларбжьаратәи азинеиҿкаара иаҿагылоу, аиҩызыратә ҟазшьа змам Украинатәи амчрақәа урыстәылаа рганахь ала имҩаԥнаго аусқәа ирҿагыло аусԥҟақәа. Иара убри аан иазгәаҭан иааидкыланы аукраин жәлар ара хара шрымам.

Москва аԥкырақәа раԥыхра иазыхиоуп Киев асанкциақәа ааннакылар.

2015 шықәса рзы украинатәи Рада аҳәамҭа аднакылеит Урыстәыла "агрессор-тәылоуп" ҳәа. Киев изныкымкәа Москва ахара аднаҵахьеит атәылаҿ иҟоу аимак ахы аланагалоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0