Польша Евроеидгыла иалҵыр ҳәа дацәшәоит аилазаара ахантәаҩы

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасра12-й саммит АСЕМ
12-й саммит АСЕМ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дональд Туск агәрагара имоуп, Польша анапхгаратә партиа аԥхьагыла Иарослав Качиньски атәыла Евроеидгыла алҵрахь ихьаирԥшыр алшоит ҳәа.

АҞӘА, абҵара 7— Sputnik. Польша Евроеидгыла иалҵыр ҟалоит Бриуссели иареи реимак иахҟьаны. Абри атәы иҳәеит Евроеидгыла ахантәаҩы, аполитик Дональд Туск ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, британиатәи агазеҭ Express адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Сгәаанагарала, аҭагылазаашьа даара ауадаҩра аманы иҟоуа", — иҳәеит Туск.

Атәыла Евроеидгыла алҵра азҵаара Польшатәи амассатә-информациатә хархәагақәа рҟны иааиԥмырҟьаӡакәа иалацәажәоит. Еврокомиссиа ргәахы еибанаркит польшатәи анапхгаратә партиа "Право и справедливость" аӡбарҭатә система амодернизациа аҭара ахьагәҭаку. Еврокомиссиа агәрагара амоуп ирыдыркыларц иргәиҭоу азакәанқәа азин амчра аиҳара шьақәнаҟьоит ҳәа.

Бриуссель акәзаргьы, Польша амигрантцәа ахьаднамкылаз азы игәааны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0