Ҟрыми Донбасси рзы Вашингтон асанкциа ҷыдақәа аланагалеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Государственной Думы РФ
Здание Государственной Думы РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вашингтон аҳәамҭа ҟанаҵеит хҩык ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәа жәбеи рганахь ала асанкциа ҿыцқәа шаланагало Ҟрыми Донбасси рҟны аҭагылазаашьақәа рзы.

АҞӘА, абҵара 9 — Sputnik. Вашингтон аҳәамҭа ҟанаҵеит хҩык ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәа жәбеи рганахь ала асанкциа ҿыцқәа шаланагало Ҟрыми Донбасси рҟны аҭагылазаашьақәа рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Украина аганахь ала ЕАШ аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак ҷыда Курт Волкер иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Премьер-министр РФ Д. Медведев. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Киев асанкциақәа рҭак ҟанаҵоит

Иара иажәақәа рыла аԥкырақәа аларгалоит Урыстәыла Ҟрым иара аилазаарахь иахьаланагалази аинвистициатә проектқәа рхархәарала аинтеграциа ахьымҩаԥнагои иара убасгьы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара иахьалахәуи.

Волкер уаанӡагьы аҳәамҭа ҟаиҵахьан ЕАШ анапхгара мызкы-ҩымз рахь знык Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа шыҟанаҵало. Иара иажәақәа рыла арҭ асанкциақәа хықәкны ирымоуп акризис аҭышәныртәалараз аиҿцәажәарақәа Урыстәыла алархәра.

Волкер иҳәамҭа Афедерациа ахеилак аҿы ахҳәаа азыруит.

"Асанкциақәа ҳаргьы рҭак ҟаҳҵоит. Ҭакда ааныжьра иашахом. Ҟрым иҿыцу ҳәаа кгьы мҩаԥысуам. Асанкциақәа демарш ҟазшьоуп ирымоу", — ҳәа иҳәеит Афедерациатә хеилак жәларбжьаратәи аҟәша алахәыла Олег Морозов.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит "америкаа рсанкциақәа аполитикатә шьоура аҟазшьақәа ҵыргеит" ҳәа.

"Асанкциақәа ҳара ҳпозициа рзеиҭакуам. Ҟрым, Урыстәыла иахәҭакуп. Донбасс акәзар Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны аполитикатә ҭышәынтәалара аиуроуп" — иҳәеит аполитик.

Ажәабжьқәа зегьы
0