Ростовтәи аобласт аҟны афедералтә мҩақәа рҿы аныҟәара ԥкуп

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРостовтәи аобласт аҟны афедералтә мҩақәа рҿы аныҟәара ԥкуп
Ростовтәи аобласт аҟны афедералтә мҩақәа рҿы аныҟәара ԥкуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ростовтәи аобласт аҟны афедералтә мҩақәа рҿы аныҟәара ԥкуп. Аҳәынҭавтоинспекциа амҩақәа рҿы ианаамҭо ацхыраара аҟаҵаразы ахылаԥшра мҩаԥыргоит.

АҞӘА, абҵара 14— Sputnik. Аҳауатә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны Ростовтәи аобласт амҩа дуқәа хԥа рҿы автомобилтә ныҟәара ԥкуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Автомҩақәа "Ростов-Волгодонск", "Семикаракорск-Мартыновка-Красноармейский", "Головное-Красноармейский-Большая Мартыновка" рҟны автомашьынақәа рныҟәара аамҭала иԥкуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ашәахьаҽны Ростовтәио абласт аҿы раԥхьатәи асы леиит. Амҩақәа рҟны аныҟәара уадаҩхеит. Аҩашаҽны аҭыԥ рыман амҩатә машәырқәа маҷымкәа. Ҭыԥқәак рҟны апассаџьыртә транспорт азы аныҟәара аркын. АҶА адыррақәа рыла иааиуа амшқәа рзы аурҭ ӷәӷәа ҟалар алшоит.

Аҳәынҭавтоинспекциа амашьына аԥсҟы зку рахь аҳәара ҟарҵоит арныҟәаратә режим иқәныҟәаларц, шамахамзар амҩахь рнеира ԥкызарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0