Калифорниа амцакра иахҟьаны 130-ҩык хабарда ибжьаӡны иҟоуп

© JOSH EDELSONКалифорниа амцакра иахҟьаны 130-ҩык хабарда ибжьаӡны иҟоуп
Калифорниа амцакра иахҟьаны 130-ҩык хабарда ибжьаӡны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 50-ҩык ауаа ҭахеит.

АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Аокруг ашериф Батте Кори Хони апресс-конференциаҿ еиҭеиҳәеит 130-ҩык ауаа хабарда ибжьаӡны иҟоуп, 200-ҩык ауаа ахьыҟоу шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Последствия пожара в Калифорнии - Sputnik Аҧсны
Калифорниа иҭахаз рхыԥхьаӡара 42-ҩык инаӡеит

"Хабарда ибжьаӡыз рсиаҿ ианыз 200-ҩык ауаа ахьыҟоу аҭыԥ шьақәыргылоуп. Уи уаҩы даргәырӷьартә иҟоуп. Иахьазы 130-ҩык ахьыҟоу ҳаздырам", - иҳәеит ашериф апресс-конференциаҿы.

Калифорниа иҟоу амцакра аҩыза аштат аҭоурых аҟны уаанӡа иҟамлацызт ҳәа иҳәеит ашериф.

Калифорниа амцакра ҟалеит аԥшьаша ашьыжь. Амца иамҽханакит 45 нызқь гектар. Амца иалаблит 179нызқь хыбра. Рыҩнқәа ирхыгоуп 300 000-ҩык ауааԥсыра.

Дональд Трамп абҵара 12 рзы аштат Калифорниаҿы аҭагылазаашьа ҷыда рылеиҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0