Азовтәи амшын украинаа рзы иаркхар алшоит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАзовтәи амшын украинаа рзы иаркхар алшоит
Азовтәи амшын украинаа рзы иаркхар алшоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа украинатәи аҳәаахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа 15 ӷба ааныркылахьан "аоккупациа зызуу Ҟрым амшынбаӷәазақәа рахь закәандарыла рҭаларазы".

АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Урыстәыла иалшоит Азовтәи амшын ахь украинатәи аӷбақәа рҭалара ааннакылар иҳәеит Афедерациа Ахеилак атәылахьчараз аилак алахәыла Франц Клинцевич, ҳәа ааныцҳауеит РИА Новости.

Флаг Украины на здании Верховной рады в Киеве - Sputnik Аҧсны
Украина Амшын Еиқәа аҳаиртә ҵакыра анаркуеит

"Ҳара аҭак аҟаҵара ҳадырхалоит", - иҳәеит иара иагьациҵеит иаҭахханы иҟалар Азовтәи амшын аркра минуҭқәак роуп иаҭаху украинатәи аӷбақәа рзы ҳәа.

Хәажәкырамзазы Украина Азовтәи амшын аҟны иааннакылеит атраулер "Норд". Аӷба акаԥдан иганахь ала аусҭҵаара хацыркуп. Нанҳәамзазы херсонтәи амшынбаӷәазаҿ иаанкылан атанкер "Механик Погодин".

Урыстәыла Украина ахымҩаԥгашьа "мшынтә терроризмуп" ҳәа ахнаҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0