Ҭырқәтәылатәи ар ҷыда Шьамтәыла акурдцәа ирҿагылоуп

© AFP 2023 / OZAN KOSEТурецкий спецназ
Турецкий спецназ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган заҳәамҭа ҟаиҵахьан хара имгакәа итәыла Евфрат мрагыларатәи ахәҭаҿы игылоу шьамтәылатәи акәырдцәа рыр рабашьра иалагоит ҳәа.

АҞӘА, абҵара 19 —Sputnik. Ҭырқәтәылатәи ар ҷыдеи Шьамтәылатәи зых иақәиҭу аопоззициатә ари Африн иахьаҵанакуа аоперациа мҩаԥыргоит. Уаҟа игылоуп уаанӡа Шьамтәылатәи зых иақәиҭу аопоззициатә ар ирылахәыз шьамтәылатәи акурдцәа рыр ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ Hurriyet адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аоперациа амҩаԥгара мзызны иамоуп уаанӡа Шьамтәылатәи зых иақәиҭу аопоззициатә ар ирылахәыз шьамтәылатәи акурдцәа рыр аҭынч уааԥсыра рырҳәрақәеи рықәларақәеи иахьрылагаз. Арегион аҿы акомендантә сааҭ алагалоуп.

Аоперациа мҩаԥысуеижьҭеи арҭ агәыԥқәа жәпакы нырҵәоуп.

Агазеҭ ишаҳәо ала аоперациа мҩаԥыслоит арҭ амчрақәа ыҟанаҵ ма урҭ ашәарҭадаратә мчрақәа рхы рырҭаанӡа.

Шьамтәыла ақәыӡбоит Ҭырқәтәыла Африн имҩаԥнаго аусқәа, ари адгьылҵакыра Шьамтәыла иахәҭакуп ҳәа ишьаны. Москва акәзар аганқәа зегь рахь аҳәара ҟанаҵеит аилибакаара аадырԥшырц, аҵакырадгьылтә акзаара ҳаҭыр ақәырҵарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0