Леонид Пасечник Лугансктәи жәлар рреспублика ахада имаҵзураҭыԥ ааникылеит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИнаугурация избранного главы ЛНР Л. Пасечника
Инаугурация избранного главы ЛНР Л. Пасечника  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леонид Пасечник Лугансктәи жәлар рреспублика ахада иалхраан аиааира игеит.

АҞӘА, абҵара 21– Sputnik. Леонид Пасечник официалла Лугансктәи жәлар рреспублика ахада имаҵзураҭыԥ ааникылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Денис Пушилин официалла имаҵзура дахагылеит - Sputnik Аҧсны
Денис Пушилин официалла имаҵзура дахагылеит

"Леонид Иван-иԥа Пасечник Лугансктәи жәлар рреспублика ахада имаҵзураҭыԥ ааникылеит", - лҳәеит Лугансктәи жәлар рреспублика Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Светлана Трифанова аҭоубашьҭаҵара ацеремониаан.

Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуан Луганск, Аиҳабыра рыҩны азал хадаҿы. Ауснагӡатә иалахәын: Донецктәи жәлар рреспублика аиҳабы Денис Пушилин, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов, Аԥсныи Урыстәылеи рделегациақәа.

Пасечник ижәлари иԥсадгьыли рҿаԥхьа ҭоуба шьҭеиҵеит.

"Сара иахьа исҳәар сылшоит аиашамра ашықәсқәа ииасит ҳәа. Донбасси Лугански иалырхит изыцәхьамҵуа амҩа. Ҳара иаҳҩызан, иҳастратегиатә партниорны иаҳшьоит зыцхыраарада иахьа ҳәынҭқаррак аҳасаб ала ҳаҟазаара алымшоз Урыстәылатәи Афедерациа", - иҳәеит иара иқәгылараан.

Леонид Пасечник иалхыҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Агәра диргеит илшо зегь шыҟаиҵало ижәлари иԥсадгьыли рзы.

Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҿы амҽыша, 2018 шықәса абҵара 11 рзы ахадацәеи апарламентқәа рдепутатцәеи ралхра мҩаԥысуан.

ЛЖәР аҿтәи алхрақәа рҿы Лугансктәи жәлар рреспублика ахада инапынҵақәа назыгӡо Леонид Пасечник аԥыжәара игеит 68,3% бжьы рыла.

Акандидатцәа: Леонид Пасечник 68,3% Олег Коваль изы рыбжьы рҭиит 16,5% алхыҩцәа, Лиудмила Руснак лзы — 5,9%, Наталиа Сергун лзы — 7,95%".

Ажәабжьқәа зегьы
0