Украинатәи Рада аҭагылазаашьа ҷыда алагалара иақәшаҳаҭхеит

© Sputnik / Николай Лазаренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВнеочередное пленарное заседание Верховной Рады Украины
Внеочередное пленарное заседание Верховной Рады Украины - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа апарламенттә еидгылақәа аконсультациақәа анымҩаԥыргоз иазгәарҭеит аҭагылазаашьа ҷыда алагалара атәыла ахада иалхрақәа ирԥырхагахом ҳәа.

АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. "Иреиҳаӡоу рада" атәыла ахада Пиотр Порошенко Украина ахәҭақәак рҟны аҭагылазаашьа ҷыдазы иусԥҟа иақәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Порошенко аусԥҟа инапы аҵеиҩит Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь.

Абжьыҭиранӡа Порошенко ажәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит Украиназ ашәарҭара шыҟоу азы.

"Снапаҿы искуп ҳаԥшыхәыҩцәа еизыркыз адыррақәа. Адокумент жәабала адаҟьақәа рҟны иарбоуп ҳҳәаақәа ирцәыхарамкәа игылоу аӷа имоу аибашьыгатә мчра зеиԥшроу атәы. Украина ақәлара шәарҭа дуны иҟоуп", — иҳәеит иара.

Арадаҿ ирыдыркылаз аӡбара арратә режим алагалара адагьы иалнаршоит иахәҭаны ирыԥхьаӡар ар реидкыларатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара.

Совбез ООН отклонил российский проект резолюции России по Сирии - Sputnik Аҧсны
ООН Ашәарҭадаратә хеилак мап ацәнакит Керч иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәара

"Украина ахада Иусԥҟа № 393 (абҵара 26 2018 шықәса) "Украина арратә ҭагылазаашьа ҷыда алагалараз" инақәыршәан арратә ҭагылазаашьа алагалахоит: Винницктәи, Лугансктәи, Николаевсктәи, Одессатәи, Сумтәи, Харьковтәи, Черниговтәи, иара убасгьы Донецктәи, Запорожиатәи, Херсонтәи аобластқәа рҟны" ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.

"Иреиҳаӡоу рада" аӡбрала Украина ахада иалхра мҩаԥгахоит хәажәкыра 31, 2019 шықәса рзы. Уи азы ирыдыркылоит иахәҭоу ақәҵара.

Уаанӡа Украина арратә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Амшын еиқәа аҟынтәи керчтәи аӡыбжьахалахь рнеираан Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит. Аӷбақәеи аекипажи аанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0