Франциа имҩаԥысуа ақәгыларақәа ирхырҟьаны абылтәыҵәахырҭақәа рахь анеира ԥкуп

© Sputnik / Irina Kalashnikova / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФранциа имҩаԥысуа ақәгыларақәа ирхырҟьаны абылтәыҵәахырҭақәа рахь анеира ԥкуп
Франциа имҩаԥысуа ақәгыларақәа ирхырҟьаны абылтәыҵәахырҭақәа рахь анеира ԥкуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абылтәы ахәԥса аиҳаракра иаҿагыланы иқәгыло аиҿкаара "желтые жилеты" ҳәа изышьҭо аилахәыра Total иатәу абылтәыҵәахырҭақәа 11 рахь анеира ԥыркит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3– Sputnik. Франциа абылтәы ахәԥса аиҳаракра иаҿагыланы иқәгыло аиҿкаара "желтые жилеты" ҳәа изышьҭо аилахәыра Total иатәу абылтәыҵәахырҭақәа 11 рахь анеира ԥыркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Рейтер адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Иазгәаҭоуп Total абылтәыҭаҭәарҭақәа 2200 рҟынтәи 75 рҟны абылтәы азхара ыҟам ҳәа.

Абылтәы ахәԥса аиҳаракра иаҿагыланы аиҿкаара "желтые жилеты" ақәгылара иалагеит абҵара 17 рзы. Асабшатәи акциа мҩаԥысуан Париж. Ақәгылараан адемонстрантцәеи аполициааи еилалеит, адәқьанқәа ирықәлеит, автомашьынақәа амца ддыркит.

Франциа аҳҭнықалақь зымҽхазкыз аилаҩеиласраан иаанкылан 412-ҩык. Ақәгыларақәа мҩаԥысуеижьҭеи ахәрақәа роухьеит 133-ҩык ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 23-ҩык аполициа иаусзуҩцәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0