Франциа 2019 шықәса аҩныҵҟа абылтәы ахә шыҟоу иаанрыжьуеит

© Sputnik / Julien Mattia / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкции протеста "Желтые жилеты" против роста цен на бензин во Франции
Акции протеста Желтые жилеты против роста цен на бензин во Франции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Франциа аиҳабыра 2019 шықәса зегь аҩныҵҟа абылтәы ахәԥса азҳара аморатори ақәнаҵеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 — Sputnik. Франциа иааиуа ашықәс аҩныҵҟа абылтәы ахәԥса иацнаҵом ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал BFMTV адыррақәа шьаҭас иганы.

Абылтәы ахәԥса аиҳаракра иаҿагыланы аиҿкаара "желтые жилеты" ақәгылара иалагеит абҵара 17 рзы. Асабшатәи акциа мҩаԥысуан Париж. Ақәгылараан адемонстрантцәеи аполициааи еилалеит, адәқьанқәа ирықәлеит, автомашьынақәа амца ддыркит.

Франциа аҳҭнықалақь зымҽхазкыз аилаҩеиласраан иаанкылан 412-ҩык. Ақәгыларақәа мҩаԥысуеижьҭеи ахәрақәа роухьеит 133-ҩык ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 23-ҩык аполициа иаусзуҩцәоуп.

Абри ашьҭахь Франциа аԥыза-министр Едуар Филипп арҭ ақәгыларақәа рҭакс абылтәы абаџь аморатори азузарц дықәгылеит, Франциа иааиуа ашықәс аҩныҵҟа абылтәы ахәԥса иацнаҵом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0