Украина Керчтәи аӡыбжьахала ахы ианархәалоит ҳәа Киев аҳәамҭа ҟанаҵеит

Анапаҵаҩра
Украина атәылахьчара аминистр Степан Полторак ажурналистцәа аинтервиу рыҭо иҳәеит ԥхьаҟагьы Украина Керчтәи аӡыбжьахала ахы ишанархәало.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Украина атәылахьчара аминистр Степан Полторак ажурналистцәа аинтервиу рыҭо иҳәеит ԥхьаҟагьы Украина Керчтәи аӡыбжьахала ахы ишанархәало, иахәҭаны ианыҟоу аӷбақәа ара ишиасло. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости аканал "Прямой" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Флаг Украины на здании Верховной рады в Киеве - Sputnik Аҧсны
Украина аҭагылазаашьа ҷыда заанаҵы иаԥыххар ҟалоит ҳәа иалацәажәоит

"Иахьа уахь ҳамнеир ҟалом ҳәа ҳҳәом, аха иаҭахны иҟалар аӡыбжьахала ҳхы иаҳархәаралоуп", - иҳәеит иара.

Уаанӡа, 2018 шықәса абҵара 29 рзы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иазхәыцуамызт ҳәа.

Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рыҭоуп. Рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

Владимир Путин ари провокациоуп ҳәа ахиҳәааит, иагьазгәеиҭеит иаанкылаз амшынуаа рыгәҭа ишыҟаз хҩык Украина ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа, дара шракәыз аоперациагьы хылаԥшра азҭоз. Иара убри аан иҳәеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рнапынҵақәеи руалԥшьақәеи шынарыгӡоз.

Ажәабжьқәа зегьы
0