"Страсбургтәи ахысыҩ" дҭархоуп

© AFP 2023 / PATRICK HERTZOGСотрудники полиции в Страсбурге.12 декабря 2018
Сотрудники полиции в Страсбурге.12 декабря 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Франциатәи аполициа ԥхынҷкәын 14 ауха дҭадырхеит Страсбург ақалақь агәҭа аҭынч уааԥсыра нзырҵәоз ауаҩы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 — Sputnik. Франциа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Кристоф Кастанер ишьақәирӷәӷәеит Страсбург ақалақь агәҭа аҭынч уааԥсыра нзырҵәоз "Страсбургтәи ахысыҩ" дҭархоуп ҳәа. Абри азы адырра риҭеит атәыла ахада Еммануель Макрони аԥыза-министр Едуард Филиппи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Кастанер иажәақәа рыла, Лазаре амҩаҿ, асааҭ 21:00 рзы аполициауаа дгәарҭеит агәҩара зызрымаз ауаҩы. Иара уаанӡа изышьҭаз ацәгьауаҩы – "Страсбургтәи ахысыҩ" диеԥшыншьалан. Аполициа даангыларазы адҵа аныҟарҵа ашьҭахь ахысра далагеит. Абри ашьҭахь иара дҭархан ҳәа еиҭеиҳәоит Кастанер.

Сотрудники полиции в Страсбурге.12 декабря 2018 - Sputnik Аҧсны
Страсбург аҭыԥ змаз ахҭыс шыҟалаз аҭҵаарақәа ирыцҵоуп

Иазгәаҭоуп иара иԥшаараҿ ацхыраара шыҟалҵаз аҭыԥантәи ауаҩԥҳәыс.

Ателеканал BFMTV адыррақәа рыла, изышьҭазоз ахаҵа ацхыраара даҳәеит. Аԥҳәыс уи дышхәыз анылба аполициа рахь адырра ҟалҵеит.

Страсбург ақалақь аҿы арыцҳара ҟалеит ԥхынҷкәын 11 рзы. "Аллах Акбар" ҳәа дыҳәҳәо ацәгьауаҩы иааикәыршаны ахысра ҭеиҵеит. Иҭахеит хҩык ауааԥсыра, ахәрақәа роуит 13-ҩык. 29 шықәса зхыҵуаз Шериф Шекатт абналара илшеит. Иара амаҵзура ҷыдақәа ашәарҭара злоу ахаҿы ҳәа рсиа данын.

Амассатә-информациатә хархәагақәа рдыррақәа рыла, иара даныбналоз имҵаирсыз атаксии арныҟәаҩ иеиҳәеит иҟаиҵаз ззыҟаиҵаз "Шьамтәыла иҭахо иашьцәа ршьоуразы" шакәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0