ЕАШ аҳәынҭдепартамент азыхиоуп Никарагуа аганахь ала асанкциақәа ралагалара

© AFP 2023 / HECTOR RETAMALЖители Никарагуа отдыхают у морского побережья
Жители Никарагуа отдыхают у морского побережья - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАШ аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак Роберт Палладино Никарагуа ауаҩытәыҩса изинқәа еиларгоит ҳәа ахара адиҵеит, дагьақәмақарит асанкциақәа алагалахоит ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 — Sputnik. Никарагуа ауаҩытәыҩса изинқәа ахьеиларгои иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа ахькыдырцалои иахырҟьаны Еиду Америкатә штатқәа асанкциақәа ралагалара иазыхиоуп иҳәеит ЕАШ аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак Роберт Палладино. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Атәыла хада Трамп абҵара 27 рзы инапы зҵаиҩыз, аусԥҟа инақәыршәаны ЕАШ аҭакԥхықәра иаҵанаргылоит Никарагуа адемократиа аилагара зуа ахаҿқәа зегьы. Адунеижәларбжьаратә еилазаарахь аҳәара ҟаҳҵоит арҭ аусқәа раанкыларазы иахәҭаны иҟоу зегьы ҟарҵарц", — ҳәа иҳәоит Палладино.

Иара иажәақәа рыла, Никарагуа анапхгара азинхьчаратә еиҿкаарақәагьы налакны жәларбжьаратәи еиҿкаарақәак аиурист статус рымырхит, иара убасгьы Никарагуа ихьыԥшым амассатә-информациатә хархәагақәа ирышьклаԥшуеит. Абасала атәыла ахада Даниель Ортегеи ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильои амчраҿ рыҽныркыларц рҭахуп иҳәоит иара.

ЕАШ аҩашаҽны асанкциақәа аланагалеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Росарио Мариа Мурильо де Ортега лганахь ала. Иара убасгьы асанкциақәа дрыҵаркит Даниель Ортега амилаҭтә шәарҭадаразы ицхырааҩ Нестор Монкада Лау.

Уаанӡа ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Америкабжьаратә комиссиа адыррақәа ҟанаҵахьан, Никарагуа мшаԥымза 18 инаркны ԥхынгәы 30 рҟынӡа ақәгыларақәа раан иҭахеит 317-ҩык ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0