ЕАШ Урыстәыла абџьар ҿыц аҿагылара шалымшо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСМИ: ПРО США будет беспомощна против нового гиперзвукового оружия РФ
СМИ: ПРО США будет беспомощна против нового гиперзвукового оружия РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАШ Урыстәылеи Китаии рабџьартә еиқәыршәара аҿагылара алшом ҳәа аҳәамҭа ҟаҵан америкатәи Аԥхьаӡаратә палатаҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18—Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа Аҳауаҽацәыхьчаратә мчы амам Урыстәылеи Китаии рабџьартә еиқәыршәара иаҿагылаша ҳәа аҳәамҭа ҟаҵан америкатәи Аԥхьаӡаратә палата аҳасабырбаҿы.

"Китаии Урыстәылеи абжьеиҳаццак бџьар аҭыжьра еиҳа аԥыжәара арҭоит, избанзар иара ахархәара аццакыреи аҳаракыреи иалдыршоит аракетаҿагыларатә ҽыхьчара асистемақәа реиҳарак рышьаҽра. Асеиԥш иҟоу абџьар аҭак ҟазҵаша макьаназ акгьы ыҟам", — ҳәа азгәаҭан ажәахә аҿы.

Хәажәкыра 1 азы Владимир Путин Афедералтә еизарахь инашьҭымҭаҿы иазгәеиҭеит Урыстәыла иҭрыжьуа, аус здыруло абџьар хкы ҿыцқәа рҭагылазаашьа. Иара иажәақәа рыла, абжьеиҳакццак асистема "Авангард" еиҳарак иззырхоу ЕАШ аракетаҿагыларатә ҽыхьчара аиааироуп. Иара аццакыра иалшоит Мах ихыԥхьаӡара аасҭа ҩажәантә аццакра.

Ажәабжьқәа зегьы
0