Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПосетители ярмарки на Красной площади
Посетители ярмарки на Красной площади - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Традициала ишьақәгыланы иҟоуп ашықәс ҿыц ҭаацәаратә ныҳәак аиԥш амҩаԥгара: астол дуқәа еиҵҳәаны, фатәыла-жәтәыла ирхианы. Ус шакәугьы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Москва ауааԥсыреи аҭааҩцәеи аныҳәа адәахьы аицаԥылара бзиа ирбо иалагеит. Уи егьџьашьатәӡам. Ақалақь лакәҵас аҽеиҭанакуеит, еиуеиԥшым ԥшшәыла еилыџьџьоит.

Sputnik

Ашәышықәсқәа иргәылгоу атрадициа

Ашықәс ҿыц Урыстәыла иазгәарҭоит жәытәаахыс. 1700 шықәса рҟынӡа ашықәс ҿыц хәажәкырамзазы акәын ианазгәарҭоз. XV ашәышықәсазы – цәыббра 1 азы азгәаҭара иалагеит. Актәи урыстәылатәи аимператор, Петр I, ашықәсԥхьаӡара ҿыц алеигалеит: Иаса Қьырса иира инаркны. Абасала 7208 шықәса 1699 шықәсхеит. Иара убасгьы Петр ашықәс ҿыц Европеиԥш Урыстәылагьы ажьырныҳәа 1 азы иазгәарҭаларц рыдиҵеит иуаажәлар, ақьырсаԥсаӡқәа дырхиаларц, Москва амҩадуқәа дырԥшӡаларц. Ақалақьуаа ирыдҵан аныҳәа рыдеибаныҳәаларц. Ихысларц. Ашҭа ҟаԥшь аҿакәзар, афеерверкқәа ажәҩан иаларҵон, шәақьлеи пушкалеи ихысуан.

Иара убасҟан ауп азеиԥш ныҟәарақәеи амаскарадқәеи рымҩаԥгарагьы ианалагаз.

1917 шықәса рзы, ареволиуциа ашьҭахь, Қьырсаныҳәа мап ацәкын, ажәытә аамҭа иашьананы иԥхьаӡаны. Иаҟәыҵит аԥсаӡқәа рыргылара, амҩақәа рырԥшӡара. Сталин ихаан, 1935 шықәса рзы аныҳәа азгәаҭара еиҭахацдыркит. 1947 шықәса инаркны ажьырныҳәа 1 ԥсшьарамшхеит. 1969-1970 инаркны атәыла ахада аныҳәа ижәлар ирыдиныҳәало далагеит.

© Sputnik / Анатолий Гаранин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшықәс ҿыц Урыстәыла иазгәарҭоит жәытәаахыс
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц Урыстәыла иазгәарҭоит жәытәаахыс

Асовет аамҭақәа рзы Москва ақалақь ԥсаӡла идырхио иалагеит, Аҵаа бабадуи Асҭыԥҳаи амҩақәа рҿы ауаа ирыдныҳәалон. Ақалақь аҿы еиҿыркаауа иалагеит аԥсаӡ џьармыкьақәа, аиармаркақәа.

СССР анеилаҳа ашьҭахьгьы атрадициа еиқәхеит. Ақалақь еснагь еиԥш идырхиоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уи иҷыдоу асценари ала имҩаԥыргоит.

© Sputnik / Л. Носов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсаӡ
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа - Sputnik Аҧсны
Аԥсаӡ

2012 шықәса раахыс Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы рҽазыршәоит ақалақьуааи асасцәеи рзы аныҳәа адунеитә стандартқәа ирықәшәо аиҿкаара. Аҳәаанырцәуаа иазгәарҭоит Москва еиҳа-еиҳа аҽшеиҭанакуа.

Абар уажәшьҭа быжьшықәса ирҭоуп ақалақь аҿы аус ауеижьҭеи апрограмма ҷыда: ахыбрақәа, ацҳақәа, абаҟақәа фымцалашарала рыркаҷҷара.

Ақалақь ду аԥшӡара

2012 шықәса рзы Москва ицәырҵит аныҟәарҭамҩа ҿыцқәа– Камергерскии Столешникови, Кузнецки Мост, Рождественка. Ақалақь арԥшӡараз иаку аконцепциа аусура иалагеит 2013-2014 шықәсқәа рзы.

Иара убасҟан, акультура адепартамент адҵала ақалақь аныҳәатә ԥшра аҭаразы дадыԥхьалан еицырдыруа адизаинер Артемиа Лебедева. Лара еиҿылкааит ашықәсҿыцазтәи алоготип, авиньеткақәа, апиктограммақәа. Слоганс аныҳәатә еиҿкаара иаиуит: "Лучший город зимы".

© Sputnik / Евгения Новоженина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАныҳәа адунеитә стандартқәа ирықәшәо аиҿкаара
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа - Sputnik Аҧсны
Аныҳәа адунеитә стандартқәа ирықәшәо аиҿкаара

Ақалақь абульварқәа, апаркқәа, аскверқәа дырԥшӡеит адекоративтә елементқәа рыла. Зынӡа Москва идыргылеит 12 нызқь илашоз аобиектқәа. Амҩақәа дырԥшӡон афымцалашара зҵаҷҷоз аҵлақәа.

Иара убасҟан ауп ианеиҿыркааз раԥхьатәи афестиваль "Путешествие в Рождество" "Московские сезоны" ацикл аҟынтәи.

Амцаԥшьқәа

2014-2015 Ашықәс ҿыц аан аус адулан аҳҭнықалақь зырԥшӡо атематикатә концепциа, "Серпантин огней" захьӡыз. Ақалақь зегь рхиан зқьыла илашоз аԥсаӡқәа рыла.

© Sputnik / Евгения Новоженина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАқалақь зегь рхиан зқьыла илашоз аԥсаӡқәа рыла.
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа - Sputnik Аҧсны
Ақалақь зегь рхиан зқьыла илашоз аԥсаӡқәа рыла.

Аҳҭнықалақь ашҭа дуқәа – Смоленскаиа, Зубовскаиа, Павелецкаиа, Серпуховскаиа, Таганскаиа уҳәа егьырҭгьы еиҟараз аԥсаӡқәа рықәдыргылеит. Аха крҭ дасу рхатә дизаин рыман.

© Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшықәс ҿыци Ақьырса ныҳәа
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыци Ақьырса ныҳәа

2015 шықәса "Год русской литературы" ҳәа ахьахьӡыз инамаданы Ашықәс ҿыци Ақьырса ныҳәеи рыла арԥшӡагақәа ирыцлеит абри атематикагьы.

Апошьҭатә марка

2015 -2016 шықәса рзы аҳҭнықалақь арԥшӡара иасимвол хаданы иҟалеит аԥошьҭатә марка. Ашықәс ҿыци Ақьырса ныҳәеи адныҳәалара иаамҭоуп, аԥошьҭатә маркагьы уи иатәуп. Ақалақь ашҭақәеи амҩақәеи рҿы ицәыҵит алашарала ихырку аӡыршәқәа, ашәҭқәа.

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшықәс ҿыц
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц

Арҭ аелементқәа зегьы еиднакылон атема "Новогоднее настроение", иара убри иасимволхеит аԥошьҭатә маркагьы.

Италиатәи аҩызара

2017 шықәса рзы Москва италиатәи астиль ала идырхиеит. Имотив хаданы иҟалеит италиатәи аорнаментқәа. Дара рылоуп излашьақәгылаз 2017 шықәса алоготипгьы.

Ари асеиԥш изыҟалаз Урыстәылеи Италиеи ркультура аиԥшрашьаҭа амоуп ҳәа рҳәеит аиҿкааҩцәа.

© Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраиталиатәи астиль
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа - Sputnik Аҧсны
италиатәи астиль

Афестиваль "Путешествие в Рождество" аҳәаақәа ирҭагӡаны аныҳәатә иллиуминациа зынӡа иссирхеит. Аԥшӡара иашьцылахьаз москваагьы иааџьаршьартә еиҿыркааит.

Ҳаԥсҭазаара зегьы театроуп

2017-2018 шықәсазтәи аныҳәатә декорациан иалхын атеатр атематика. Амҩадуқәа рҿы ицәырҵит асабардақәа зҿаз афигурақәа, акулисақәа, асценақәа, аԥшандага дуқәа. Ақалақь зегьы ажәҩан аҵаҟа еиҿыркааз театрхеит.

Афестивал "Путешествие в Рождество" амҩаԥгара инадҳәаланы ԥхынҷкәын 31 инаркны ажьырныҳәа 3 рҟынӡа амашьынақәа рзы иаркын амҩадуқәа: Тверскаиа, Моховаиа, Охотныи Риад. ́

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфестиваль аҿы иддырбон еиуеиԥшым ақәгыларақәа, асценақәа, аспектакльқәа
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа - Sputnik Аҧсны
Афестиваль аҿы иддырбон еиуеиԥшым ақәгыларақәа, асценақәа, аспектакльқәа

Афестиваль аҿы иддырбон еиуеиԥшым ақәгыларақәа, асценақәа, аспектакльқәа.

Аҵәах

Арԥшӡагақәа изныкымкәа рхы иадырхәоит. Ақалақьуаа бзиа ирбеит Большаиа Дмитровкаҿ алашаратә конструкциа "Звездное небо", ашҭақәа Тверскаиаи Пушкинскои рҟны алашара-ҵлақәа.

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҵәах
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа - Sputnik Аҧсны
Аҵәах

"Иааидкыланы ақалақь зырԥшӡо адекоративтә конструкциақәа ма ишыҟоу иаанхоит ма аиҭакрақәа раҳҭоит" ҳәа рҳәеит Аенергетикатә еилахәыраҿ.

Гьамала еиҿкаау

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасрааиармаркақәа
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа - Sputnik Аҧсны
аиармаркақәа

Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рзы Москва имҩаԥыргоит еиуеиԥшым аиармаркақәа. Итрадициахеит Манежтәи ашҭеи Ашҭа ҟаԥшьи рҿы аиармаркақәа рымҩаԥгара. Аиармаркақәа раан ахәаахәҭратә павильонқәа реиԥш аус руеит арлахҿыхратә ҭыԥқәа.

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасрааиармаркақәа
Лакәҵас: Ашықәс ҿыц азы Москва аҽеиҭакшьа - Sputnik Аҧсны
аиармаркақәа

Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рзы аџьармыкьақәеи аиармаркақәеи мҩаԥыргоит Кузнецктәи ацҳаҿы. Ақалақь апаркқәа, хаҭала ВДНХ, "Сокольники", Парк Горького рҿы аҵаақәышьқьырра мҩаԥыргоит.

Аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысыз аиҭакрақәа Москва аҭааҩцәа аррацәеит. Аныҟәаҩцәа жәпаҩык иазгәарҭоит урыстәылатәи аҳҭнықалақь аԥшӡара, аманшәалара, егьырҭ европатәи аҳҭнықалақьқәа ирываҟәало аҟалара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0