Шьамтәылатәи ПВО Дамаск иақәкыз аракетатә жәылара аԥдырҟәҟәааит

© AP Photo SANA Дым в небе над пригородом Дамаска, 25 декабря 2018
Дым в небе над пригородом Дамаска, 25 декабря 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи АИХ рдыррақәа рыла аракетатә жәылара мҩаԥган ливантәи аҵакыраҟынтәи. Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа ирылшеит ахықәкқәа рҭархара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Шьамтәылатәи ПВО Дамаск иақәкыз аракетатә жәылара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳаит РИА Новости.

Ателеканал Ikhbariya иазгәанаҭом ажәылара иаҵанакыз аҭыԥқәа. Ателеканал имҩаԥнагеит ажәылараз ишиашоу ицо аефир.

Архивное фото вида на Дамаск с горы Кассион - Sputnik Аҧсны
Дамаск Урыстәылатәи ахәаахәҭра ахаҭарнакра иеихсит

Иара убри аамҭаз РИА Новости акорреспондент идыррақәа рыла ақалақь Дамаск аԥжәарақәа аҭыԥ рыман.

Аамҭақәак рышьҭахь ливантәи амилаҭтә маҵзура NNA адырра ҟанаҵеит израильтәи аҳаирпланқәа Ливан аладатәи аҳауатә ҵакыра шеиларгаз.

"Израиль арратә ҳаирпланқәа иахьа, асааҭ 22:00 жрзы жәа-минуҭк рыҩныҵҟа илаҟәны атәыла аҵакыра иахаԥраауан. Израилтәи аҳаирпланқәа амшын аганахь ала ақалақьқәа Тири Саидеи ирылахысуан", - ҳәа аанацҳауеит NNA.

Абри ашьҭахь Шьамтәылатәи АИХ аҳәамҭа ҟарҵеит Израиль ливантәи аҳаиртә ҵакыра ахы ианархәеит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0