Аныҟәараз реиҳа иманшәало атәылауаҩшәҟәқәа рреитинг шьақәыргылоуп

CC0 / / Пассажир в аэропорту
Пассажир в аэропорту - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылақәа визадатәи ррежим аԥсахрақәа зныԥшуа "Индекс паспортов — 2019" Урыстәыла 47-тәи аҭыԥ аҟынтәи 48-тәи ахь ииасит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9— Sputnik. 2019 шықәса рзы урыстәылаа ироуеит алшара аҽа жә-тәылак визада ирҭаарц ҳәа аанацҳауеит "Ассоциация Туроператоров".

Аилахәыра Henley & Partners иӡырнагеит ашықәс азтәи визадатәи аиҭанеиааиразы атәылақәа жәларбжьаратәи рреитинг. Аилахәыра аҭҵаарақәа мҩаԥысуеижьҭеи 14 шықәса ирықәуп.

2019 шықәсазы урыстәылаа визада ирҭаар рылшоит 119 тәыла. Шықәсык уажәаԥхьа урҭ рхыԥхьаӡара 110 иҟан. Ус шакәугьы Passport Index аҟны Урыстәыла 104 тәыла рҟынтәи 48-ти аҭыԥ ауп иааннакыло.

Индекс аҿы урыстәылатәи апаспорт иреиӷьу апозициа аман (39-тәи аҭыԥ) 2014 шықәса рзы, иреицәоу —2006 шықәса рзы (62-тәи аҭыԥ).

2019 шықәса аԥхьатәи аԥшьбарак аҿы аԥыжәара агоит Иапониа. Иара атәылауаа визада ирҭаар рылшоит 190 тәыла. Ииасыз ашықәс азы аԥыжәара аман Германиа (177 тәыла), сынтәа Франциеиеи иареи ахԥатәи аҭыԥ еицеиҩыршоит (188 тәыла). Аҩбатәи аҭыԥ ныркылоит Аладатәи Кореиеи Сингапури (189).

Британиа дуи Еиду аштатқәеи 2015 шықәса рзы аԥхьа игылаз иреиуазар, 2019 шықәсазы Passport Index аҟны урҭ афбатәи аҭыԥ ауп иныркыло (185 тәыла).

Аԥхьатәи ахәба рахь иаҵанакуеит: Испаниеи Лиуксембурги (186 тәыла). Ираки Афганисҭани уаанӡеиԥш аҵыхәахь иҟоуп: 30 тәыла роуп изҭаарц ирылшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0