Шәача аԥшацәгьеи ақәабаа-сабааи ирзыԥшуп

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСнегопад в Сочи
Снегопад в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла АҶА ақалақь ауааԥсыреи аҭааҩцәеи ргәы рҽаннаҵоит ашьхарахь аныҟәара рҽацәхьаркырц.

АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik. Аԥша аҽарӷәӷәара, ақәабаа-сабаа, аҵааркыра, асыԥса алеира – абарҭ зегьы еилаланы Шәача иахьаҵанакуа иҟалар алшоит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара аофициалтә саит.

Краснодартәи атәылаҿацә зегьы аҟны иазыԥшуп асоуреи аҵаареи. Амш аҽарцәгьоит амшын иаԥну акурорттә қалақь аҿгьы.

"Ахаша, асааҭ 18.00 рҟынӡасекундк ала 17 метра инаӡо аԥшаӷьы ҟалар ауеит. Ақәа леиуеит. Ашьхақәа иахьрыԥну асы леиуеит, иқәҵаауеит ашәыб. Амҩақәа ирықәҵаауп. Амҩабара 500-1000 метра илаҟәуеит. Ашьхарахь, амшын инацәхыкны 1500 метра иахьыҟоу асыԥса леир алшоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡа ашьха курорт аҿы асыԥсалеира иахырҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0