Аҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа русҭҵаара аҿҳәара лаҵарамзанӡа инахоит

© Sputnik / Макс Ветров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа русҭҵаара аҿҳәара лаҵарамзанӡа инахоит
Аҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа русҭҵаара аҿҳәара лаҵарамзанӡа инахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва Лефортовтәи аӡбарҭа ажьырныҳәа 15 рзы иахәаԥшраны иҟоуп Аҳәынҭқарратә ҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа русҭҵаара аҿҳәара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа русҭҵаара аҿҳәара лаҵарамза 25 рҟынӡа инахоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости адукатцәа руаӡәк Николаи Полозов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Строительство Крымского моста и автомобильных подходов со стороны Краснодарского края. - Sputnik Аҧсны
Украинатәи арратә-ӷбақәа Ҟрымтәи ацҳа иаҵысит

Москва Лефортовтәи аӡбарҭа ажьырныҳәа 15 рзы иахәаԥшраны иҟоуп Аҳәынҭқарратә ҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа русҭҵаара аҿҳәара. Аӡбаҩцәа амшынуаа русҭҵаара аҽа хымз инахазарц ажәадгала ҟарҵоит.

2018 шықәса абҵара 25 рзы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, Аӷбақәа Амшынеиқәаҟынтәи Керчтәи аӡыбжьахалахь рхы рханы инеиуан. Убри аан дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи аҳәаахьчаратә маҵзуреи рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иазхәыцуамызт.

Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит абџьар ахархәарала. Аӷбақәа рҿы 24-ҩык амшынуаа ыҟан, урҭ рҟынтәи ҩыџьа ашәарҭадаратә маҵзура иаусзуҩцәан.

Урыстәыла ахада Владимир Путин ахҭыс провокациоуп ҳәа ахиҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0