Ҟрым аиҳабыра НАТО аӷбақәа Азовтәи амшын аҟны иҟамзароуп ҳәа ахырҳәааит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҞрым аиҳабыра НАТО аӷбақәа Азовтәи амшын аҟны иҟамзароуп ҳәа ахырҳәааит
Ҟрым аиҳабыра НАТО аӷбақәа Азовтәи амшын аҟны иҟамзароуп ҳәа ахырҳәааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыӷбақәа Азовтәи амшын акваториа иҭалар рылшоит Урыстәылеи Украинеи рақәшаҳаҭра мацарала ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҟрым аиҳабыра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 — Sputnik. Ҟрым аиҳабыра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыӷбақәа Азовтәи амшын акваториа иҭалар рылшоит Урыстәылеи Украинеи рақәшаҳаҭра мацарала ҳәа азгәеиҭеит.

2003 шықәсазы Урыстәылеи Украинеи рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аҳәаанырцәтәи аӷбақәа Азовтәи амшын акваториахь иҭалар рылшоит атәылақәа рыҩбагьы рақәшаҳаҭрала. Абри атәы иҳәеит Мурадов РИА Новости аинтервиу анеиҭоз.

Группа кораблей четырех стран НАТО зашла в порт Одессы - Sputnik Аҧсны
НАТО Урыстәыла аҳәаа ааигәара амчрақәа еизнакуеит

"Сара, НАТО атәылақәа ма егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыӷбақәа арахь рааира рақәшаҳаҭхара ҟалом ҳәа иазысыԥхьаӡоти. Абри иадгылоит Урыстәыла анапхгарагьы. Дара изныкымкәа иазгәарҭахьеит арратә ӷбақәа Азовтәи амшын рҭалара залмыршахароуп ҳәа", - иҳәоит Мурадов.

2018 шықәса абҵарамзазы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рырҭеит. Рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

Киев акәзар, Керчтәи аӡыбжьахалала аӷбақәа рымҩаԥысра мап ацәкра аҭахым.

Ажәабжьқәа зегьы
0