Аԥсышәала абжьы зхоу афильм "Оскар" иахәаԥшит Ҭырқәтәыла

Афильм арбара
Афильм арбара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсышәала здублиаж ҟаҵоу афильм "Оскар" ахәаԥшра еиҿкаан Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь аҟны.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсуа бызшәа аҵаразы еиҿкаау акурсқәа ирхысуа гәыԥҩыуаак иаадырԥшыз агәаҳәарала, Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь аҟны еиҿкаан аԥсшәахь еиҭагоу асахьаркыратә фильм "Оскар" ахәаԥшра.

Зхатәы бызшәа зҵо рзы ари акрызҵазкуа цхыраагӡатәуп. Дара ираҳауеит ицқьоу аҳәашьа. Аԥсшәа арҵаҩы Ирфан Ахәаҷба иазгәеиҭеит, адыррақәа реизырҳараҿы ихадараны ишыҟоу ҳбызшәала ицәажәо афильмқәа лассы-лассы арыхәаԥшра.

Режиссер Вячеслав Аблотия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аблоҭиа: абызшәа арҿиаразы иреиҳау мчуп аекран

Акурсқәа ирҭаауа ракәзар, афильм аҟны еибырҳәоз еилыркаауан, ҭыԥқәак рҟны иццакны ианцәажәозгьы, зегьы акоуп ахшыҩҵак ала ирдыруан.

"Сара аԥсшәа здыруеит, аха џьара-џьара ақәыӷәӷәарақәа ииашаны иҟасҵаӡом, сҳәашьа сырҽеирц, насгьы анбанқәеи, аҩышьеи, аԥхьашьеи сҵарц азы акурсқәа сырҭаауеит. Ҳазхәаԥшыз афильм збызшәа здыруагьы ҳцәажәашьаҿы ҳагхақәа ҳнарбоит, иззымҳәо, аха еилызкаауагьы аԥышәа рнаҭоит", - ҳәа ҳаиллыркааит акурсқәа ирҭаауа Иуџьаль Ҷықьԥҳа.

Аԥсуа бызшәа ицқьаны идзырҳаз, насгьы ргәалаҟазаара шьҭызхыз афильм иахәаԥшыз, ҳаԥхьаҟа ргәы иҭоуп иҵегь ауаа рацәа алархәны арбара еиҿыркаарц, иара убас ахәыҷқәагьы адырԥхьаларц.

"Аԥсшәахь еиҭагоу афильмқәеи, амультфильмқәеи ихҩылааны иаҳгарц ҳҭахуп, аха араҟа зегьы ҳанеицахәаԥшуа еиҳа ҳаиднакылоит, ҳаибанарбоит", - рҳәоит дара.

Аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд анапынҵала, акиностудиа "Аԥсуафильм" амчала здублиаж ҟаҵоу афильмқәеи, амультфильмқәеи Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ахәаԥшырц ирзынашьҭын Гагратәи ажурналистцәа рҟнытә.

Ажәабжьқәа зегьы
0