Германиа "Северный поток-2" аганахь ала апозициа иалацәажәеит

© © Фото : Nord Stream 2/Aксель ШмидтДоставка труб для "Северного потока - 2" в Коверхар. Архивное фото
Доставка труб для Северного потока - 2 в Коверхар. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵахьан Урыстәыла, агазмҩангага проект "Северный поток- 2" аганахь ала Германиа иҟанаҵо адгылара ахәшьара ҳарак шанаҭо азы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik. Германиа аиҳабыра азиншьаҭа рымам агазмҩангагатә проект "Северный поток- 2" аргылара аԥырхагахаразы ҳәа иҳәеит иқәгылараан Германиа аекономика аминистр Петер Альтмаиер. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ Handelsblatt адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Прокладка северного потока в Германии - Sputnik Аҧсны
ЕАА "Северный поток — 2" анардадаҩцәа асанкциақәа рыдҟаҵалара иазыхиоуп

Иара иазгәеиҭеит атрубақәа амшын аҵа ишыҵгоу, уи ишыҟанамҵо ахалагаларазы аҭагылазаашьа.

Апроект "Северный поток-2" иазыԥхьагәанаҭоит 55 миллиард кубометр агаз Урыстәылантәи Балтиатәи амшын аҵала Европаҟа ииазго агазмҩангагақәа ҩба рышьҭаҵара.

Агазмҩангага ашьҭаҵара хыркәшахоит 2019 шықәса анҵәамҭазы. Агазмҩангага ашьҭаҵара азин ҟарҵахьеит: Германиа, Финляндиа, Швециа.

Иара иаҿагылоит Америкеи Украинеи. Апроект аполитикатә ҟазшьа амоуп ҳәа иахцәажәоит Латвиа, Польша, Литва.

Москва изныкымкәа иазгәанаҭахьеит агазмҩангага нырратә хархәаганы ишшьатәым. Германиа аиҳабыра ракәзаргьы "Северный поток - 2" економикатә проектны иахәаԥшуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0