Ниагартәи аӡхыҽҽа аҵаа иакит

© Foto / © AFP 2019 / Geoff RobinsНиагарский водопад
Ниагарский водопад  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи аҿы еицырдыруа Ниагаратәи аӡхыҽҽа атәыла аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аҭыԥ змаз ахьҭақәа ирыхҟьаны аҵаа иакит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 — Sputnik. Ниагаратәи аӡхыҽҽа, Америка аҭыԥ ԥшӡарақәа ируак, атәыла аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аҭыԥ змаз ахьҭақәа ирыхҟьаны аҵаа иакит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал CNN адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аӡхыҽҽа аҵаахара - 20 градус рҟынӡа аҳауа ахьыхьшәашәахаз ауп изыхҟьаз.

"Аҽа ҩымчыбжьа рҟынӡа арегион аҟны ишыхьҭоу иаанхоит", - ҳәа иҳәоит аметеоролог Маикл Гаи.

Аҵаа иакыз аӡхыҽҽа хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа аҭаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0