Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы ажиури алахәылацәа алырхит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтенин ихьӡ зху аконкурс аҿы ажиури алахәылацәа алырхит
Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы ажиури алахәылацәа алырхит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс ажиури алырхит. Ажиури аилазаараҿ иҟалоит адунеи аҿы еицырдыруа афотоҭыхыҩцәа, аредакторцәа.

Открытие выставки победителей IV международного конкурса имени А. Стенина - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху афоторепортиорцәа ҿарацәа реиндаҭлара арзаҳалқәа аднакыло иалагоит

Аконкурс еиҿнакааит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня". Иара иахьазы Урыстәыла ахьӡ ҿыцқәа аазыртуаны иҟоу конкурс заҵәыкуп. Ажиури иалахәхоит: Џьеимс Хилл, "Нью-Йорк Таймс" (The New York Times) британиатәи афотоҭыхыҩ; Питер Битцер, афотомаҵзура laif ахада; Елис Габринер, "Тайм" (Time News Magazine) афотоҟәша аиҳабы; Чо Бо Хи, амаҵзура "Йонхап" (Yonhap News Agency) аҭыжьымҭа анапхгаҩы; колумбиа-америкатәи афотоҭыхыҩ Хуан Аредондо; Европатәи апресс-фотомаҵзура ЕПА урыстәылатәи аҭыхыҩ Сергеи Ильницки; Альберто Прина, аетникатә фотоҭыхымҭа Афестиваль (Festival della Fotografia Etica) ашьаҭаркыҩ.

Џьеимс Хилл, The New York Times афотоҭыхыҩ иазгәеиҭеит: "Акраҵанакуеит зусура аамҭаз иҭахаз афотоҭыхыҩцәа рхамшҭра, ргәалашәара. Сара сзы ари аконкурс Андреи Стенин ирҿиара азхаҵароуп иаанаго", - ҳәа.

Питер Битцер, афотомаҵзура laif аиҳабы: " Андреи Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы ажиури алазаара –даара иҳаҭыр дууп. Иахьатәи ҳаамҭа аҟыбаҩ злоу афотоҭыхыҩцәа акырӡа иаҭахны иҟоуп".

Елис Габринер, TIME афотоҟәша аиҳабы: "Иахьатәи аамҭазы есыҽны миллионла афотоқәа ҭырхуеит, иаладырҵәоит. Абри аан акраҵанакуаны иҟоуп иреиӷьӡақәоу ралыҟәшәаара. Сара сазыԥшуп аҿар адунеишырбо афотосахьақәа рылаианҳадыргало ҳәа".

Альберто Прина, аетникатә фотоҭыхымҭа Афестиваль (Festival della Fotografia Etica) ашьаҭаркыҩ: " Андреи Стенин ихьӡ зху аконкурс акала алахәзаара иаанаго афотоҭыхра улшара алоугалеит ауп. Сара насыԥ сыманы схы збоит ажиури сахьалахәхаз".

Открытие выставки победителей конкурса им. Андрея Стенина в Мадриде - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара асоциалтә ҳа ахархәаҩцәа иреиӷьу аусумҭа алыркаарц рыдыргалеит

Чо Бо Хи, амаҵзура "Йонхап" (Yonhap News Agency) аҭыжьымҭа анапхгаҩы: "Жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҟны ажиури алахәыла иҳасаб ала аҟазаара ҳамҭа дууп. Сара агәра згоит сԥышәа хәарҭахап ҳәа".

Сергеи Ильницки, Европатәи афотомаҵзура ЕПА афотоҭыхыҩ: " Андреи Стенин ихьӡ зху аконкурс ажиури алахәхаразы ааԥхьара сара сзы иҳаҭыр дууп, иара убри аамҭазы иагьҭакԥхықәроуп. Ажиури алахәылак иҳасаб ала сара исуалԥшьоуп афотоҭыхымҭақәа рыцхыраарала аҟыбаҩ змоу, игәымшәоу, аҽаӡәы ирыцҳара зхатәык еиԥш издызкыло афотоҭыхыҩцәа адгылара рыҭара".

Хуан Арредондо, Аладатәи Америка азинхьчаратә фотоҭоурыхқәа равтор: "Ажиури алахәылак иҳасаб ала иахьатәи афотоҭыхразы сгәаанагара аҳәара сылшап ҳәа сыҟоуп. Еилыскаарц сҭахуп иахьатәи абиԥара арепортажтә фотосахьа аҿиара анырра шарҭо".

2019 шықәса рзы аусумҭақәа алыркаауеит аноминациақәа хәбарыла: "Главные новости", "Спорт", "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени", "Вдохновение".

Победители конкурса имени Андрея Стенина - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аиндаҭлараҿ иреиӷьу афотосахьақәа алырхит

2019 шықәса рзы аконкурс алахәхаразы азыҳәақәа рыдыркылоит жәабран 28 рҟынӡа асаит stenincontest.ru аҿы.

Аконкурс аԥхьахәтә фонд иартәоит: 100, 75, 50 нызқь мааҭ, номинациа-цыԥхьаӡа. 700 нызқь мааҭ ианашьахоит "Гран-при" зырҭо афотоҭыхыҩ.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп. Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0