Аҵарауаа ирыԥшааит  аԥсҭазаара ахаҭабзиареи адепрессиеи ирныруа абактериақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҳәарахтә бактериақәа аԥсихологиатә факторқәа анырра рзыҟарҵар алшоит, избанзар агормон-неиромедиаторқәа рыла ахшыбаҩ ианыруеит.

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik.  Бельгиеи Голландиеи рҟынтәи аҵарауаа еилыркааит аԥсҭазаара ахаҭабзиара ауаҩытәыҩса ирҳәарах аҿы иҟоу абактериақәа рхыԥхьаӡала ишадҳәалоу. Абри атәы аҩуеит апортал N+1.

Амедикцәа иҭырҵааит Бельгиа инхо ауааԥсыра рҟынтәи 1054-ҩыки Нидерланды инхо ауааԥсыра рҟынтәи 1063-ҩык ауааԥсыреи.

Аԥсны иҭырҵаауеит ачымазара бааԥсқәа ирҿагыло ахәшәқәа

Аԥсҭазаара ахаҭабзиара ашьақәыргыларазы рхы иадырхәеит апараметрқәа жәаба: аемоциатә проблемақәа, ахьаақәа, асоциализациатә проблемақәа у.у.е.

Абактериақәа Faecalibacterium (ацәажьы аҿы ахҭәасааратә процессқәа рышьаҽра иарыԥшааит

зырхоу); Coprococcus ауаҩԥсы ирҳәарах амикробиомаҿ рхыԥхьаӡара аԥсҭазаара ахаҭабзиара иадҳәалоуп. Адепрессиа змоу, уи иатәу ахәшәәқа здызкыло ауаа рҟны ишьақәыргылан арҳәарахтә микробиотагьы аҽшаԥсахуа. Згәы бзиоу ауаа ирҿырԥшны урҭ рҟны абактериақәа Coprococcus; Dialister рхыԥхьаӡара акыр еиҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0