"Акаска шкәакәақәа" Шьамтәыла  ахимиатә бџьар ахархәарала апровокациақәа аздырхиоит

© © AFP 2019 / Omar Haj KadourАктивисты из организации "Белые каски" в Сирии
Активисты из организации Белые каски в Сирии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова иазгәалҭахьан атеррористцәа Шьамтәыла ауааԥсыра рганахь ала ахимиатә бџьар ахархәара мап ацәыркуам ҳәа.

АҞӘА, жәабран 6 — Sputnik. Агәыԥ "Джебхат ан-Нусра" алахәылацәа, атеррористцәа ахлор зҭаз аконтеинерқәа ақалақь Џьиср-аш-Шугур аҟынтәи Хан-Шеихун араион ахь аиҿкаара "Белые каски" иатәу ацхыраара ласы амашьынақәа рыла ииаргеит ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости, ауаҩытәыҩса изинқәа рзы шьамтәылатәи аҳа анапхгаҩы Ахмаҭ Қьазым иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Сходка лидеров террористических группировок с участием Белых касок прошла в Идлибе - Sputnik Аҧсны
"Акаска шкәакәақәа" Алеппо ахимиатә бџьар ахархәара алдыршар ауеит

Қьазым агәрагара имоуп ахлор аҭынч уааԥсыра рҿагыларазы ахархәара арҭоит ҳәа.

"Иҳамоу аинформациала "Акаска шкәакәақәа" ахаҭарнакцәақәак ахәышәтәырҭақәа еиқәдыршәеит афотои авидеои злаҭырхша ахархәагақәа рыла, ааха зауз ауааԥсыра рҭыхразы", - иҳәеит азинхьчаҩ.

Уаанӡа ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы шьамтәылатәи аҳа аҳәамҭа ҟанаҵахьан ахимиатә бџьар ахамырхәаразы Аиҿкаарахь ахлор зҭаз аконтеинерқәа ақалақь Џьиср-аш-Шугур аҟынтәи Хан-Шеихун араион ахь риагара аҭҵааразы акомиссиа аԥырҵарц, уи ахлор аҭынч уааԥсыра аԥырхага рнаҭаанӡа.

Абҵара 24 рзы атеррористцәа Алеппо ахимиатә маҭәашьар ала еибыҭоу аџьаԥҳаны ала иалахысуан. Аахақәа роуит 46-ҩык ауааԥсыра.

 Аҭыԥ аҿы аус руан урыстәылатәи ахимикцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0